Аԥсны

Очамчыратәи ашкол-интернат башкириатәи ахәыҷқәа рыԥсы ахьыршьаша ҭыԥхоит

Башкириатәи ахәыҷқәа иара убас Очамчыратәи абжьаратә школ №4 ахьгьы инаргар ауазар ҳәа иахәаԥшуан.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 2 - Sputnik. Очамчыратәи ашкол-интернат башкириатәи ахәыҷқәа рыԥсы ахьыршьаша ҭыԥхоит ҳәа аанацҳауеит Аԥсны Аҵара аминистрра.
Уи аҭыԥ алхразы Аԥсны аҵара аминистр Инал Габлиеи башкириатәи иколлега Аибулат Хажини Очамчыратәи абжьаратә школ №4, иара убас Симон Басариа ихьӡ зху ашкол-интернат ирҭааит.
Аибулат Хажин ахә ҳаракны ишьеит ашкол-интернат, уи амшын иахьазааигәоу игәаԥхеит, иагьазгәеиҭеит аԥхынра алагамҭазы ирацәамкәа аԥара ақәхарџьзар, ара 800-ҩык ахәыҷқәа рыдкылара алшоит ҳәа.
Башкортосҭан ахада Ради Хабиров зхадараҿы дыҟоу аделегациа Аԥсныҟа иааит аԥшьаша, хәажәкыра 30 рзы. Аганқәа алацәажәеит еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рҟны аусеицура азҵаарақәа, иаҳҳәозар, атуризм, аекономика, аҵарадырра аусхкқәа рҟны.