АҞӘА, мшаԥы 3 - Sputnik. Владимир Путин инапы аҵаҩит иԥсхьаз атәанчаҩцәа шыԥсыз атәы зымҳәаз рыуацәа ироуаз атәанчахәқәеи ашәарацҵақәеи Аԥсны иархынҳәырц зҳәо Урыстәылеи Аԥсни реиқәшаҳаҭра аиҭакрақәа алагаларазы аԥкаанҵа азакәан ашьақәырӷәӷәара. Адокумент кьыԥхьуп азинтә иформациа аофициалтә портал аҟны.
Ишазгәаҭоу ала, иалагалоу апсахрақәа нашьҭуп иааиԥмырҟьаӡакәа Аԥсны инхо Урыстәыла атәылауаа тәанчахәыла реиқәыршәаразы урыстәылатәи аԥарақәа рныхразы аганқәа рҭакԥхықәра арӷәӷәаразы.
Иазгәаҭоуп, 2015 шықәса инаркны 2022 шықәса рашәара 30 рҟынӡа Аԥсны ииашамкәан иргаз урыстәылатәи атәанчахәқәеи ахарҭәааратә шәарақәеи идыртәеит 24,3 миллион мааҭ (19,6 миллион мааҭ атәанчахәи 4,7 миллион мааҭ ахарҭәаагақәеи).