Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аџьба зыԥсҭазаара иалҵыз атәанчаҩцәа ртәанчахәқәа зауаз дрылацәажәеит

© Sputnik / Мария ДевахинаКлиент Сбербанка вносит наличные деньги в банкомат
Клиент Сбербанка вносит наличные деньги в банкомат - Sputnik Аҧсны, 1920, 31.03.2023
Анапаҵаҩра
Урыстәыла Афедерациатә хеилак аратификациа азнауит иԥсхьаз атәанчаҩцәа шыԥсыз атәы зымҳәаз рыуацәа ироуаз атәанчахәқәа Аԥсны иархынҳәырц зҳәо Урыстәылеи Аԥсни рыԥкаанҵа.
АҞӘА, хәажәкыра 31 - Sputnik. Аԥснытәи аган ауснагӡатәқәа аднакылоит атәанчахәқәеи ашәарацҵақәеи риуразы азакәан аилагара аԥыхразы ҳәа радио Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны асоциалтә еиқәыршәара аминистр Руслан Аџьба.
Иара иажәақәа рыла 2015 - 2022 шықәсқәа рыҩнуҵҟа зыԥсҭазаара иалҵыз атәанчаҩцәа рыуацәеи рҭынхацәеи ироуз изакәаншьаҭадоу ашәарақәа 21 миллион мааҭ артәеит.
Дазааҭгылеит асеиԥш аҭагылазаашьа шышьақәгылаз 2015 шықәса инаркны, ареспубликаҿ амилаҭтә ԥарашәаратә система "АԤРА" аналаргала, ауааԥсыра абанктә хсаалагақәа рахь аԥара роуа ианалага.
Жители Мелитополя начали получать единовременные выплаты в рублях - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.03.2023
Урыстәыла
Афедхеилак иԥсхьоу ртәанчахәы архынҳәразы Урыстәылеи Аԥсни рыԥкаанҵа аратификациа азнауит
Аџьба иажәақәа рыла, Аԥсны ауадаҩрақәа ыҟоуп ианаамҭоу ашәҟәҭагалареи зыԥсҭазаара иалҵыз иԥсҭазаара дшалҵыз азырбо ашәҟәынҵареи рзы. 2015 - 2020 шықәсқәа рзы закәаншьаҭада зыԥсҭазаара иалҵыз атәанчаҩцәа рԥарақәа згоз зусҭцәоу рышьақәыргылара залшом.
2020 шықәса нанҳәаахыс атәанчаҩцәа ҩаԥхьа Аҵәах банкқәа рҿы ртәанчахәы роуа иалагеит.
Банкомат - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.03.2023
Аԥсны
Аԥсны Аҵәахбанк ишьақәнарӷәӷәеит 2023 шықәсазтәи урыстәылатәи атәанчахәы аихшанҵа
Аминистр ишиҳәо ала, ахсаалагатә система азыхынҳәразы ауаҩы идунеи шиԥсахыз азы аҭаҩраз иҟоу ауадаҩрақәа ӡыбтәуп. Уажәазы Апрокуратура хада изакәанымкәа аԥара зауз рышьақәыргылареи аԥара архынҳәреи рус иаҿуп.

"Мызкы аҩнуҵҟа аԥарақәа ҳмырхынҳәыр, аҳәынҭқарратә харџь ала ауал ҳшәароуп. Уи ахыҵхырҭа шьақәыргылахоит. Убри аан аԥснытәи аган азин амоуп ишьақәыргылоу ахаҿы иуал абиуџьет иазирхынҳәыртә аҭагылазаашьа аԥҵара", - иҳәеит Аџьба.

Аџьба иҳәеит азинеилагаҩ дшьақәыргылазар, аха аԥара архынҳәра игәы иҭамзар аус аӡбарҭахь ишынашьҭхо. Руслан Аџьба иҳәеит зыԥсҭазаара иалҵыз атәанчаҩы иԥсҭазаара даналҵ ашьҭахь хымш рыҩнуҵҟа аршаҳаҭга амчрақәа рахь ишнагатәу.
Ажәабжьқәа зегьы
0