Ахәмарра аламҭалаз х-турк рылҵшәақәа рыла "Нарҭ" иаман 9 кәаталак, "Афон" - 5. Аҟәатәи акоманда атурниртә таблица аханы игылоуп, уи анаҩс ицоит "Гагра" 6 кәаталак рыманы.
"Нарҭ" иаман алшара аԥыжәара иамоу аихаҳара, асасцәа ракәзар - урҭгьы ирылшон атаблицаҿы рҭыԥ аиӷьтәра.
Ари ахәмарраан "Нарҭ" ахәмарцәа рхы бзианы иаадырԥшит, аиааира ргеит 2:0 ҳәа. Убас ала, аҳҭнықалақь акоманда аиааирақәа го ишааиц иааиуеит, ԥшь-турк рышьҭахь 12 кәатал рымоуп, актәи аҭыԥ аҿы игылоуп.
"Афон" ахԥатәи аҭыԥ аҿы игылоуп 5 кәаталак рыманы, аха убриаҟараҵәҟьа кәатала змоу гәдоуҭатәи "Риҵа" алшара амоуп аԥшьбатәи атур аҟны актәи ахәмарраан аиааира ганы атаблицаҿы аҩбатәи аҭыԥ ахь ахалара.