https://sputnik-abkhazia.info/20230405/1045060130.html
Аҳҭнықалақьаа аиааира го иааиуеит: "Нарҭи" "Афони" рыхәмарра
Аҳҭнықалақьаа аиааира го иааиуеит: "Нарҭи" "Афони" рыхәмарра
Sputnik Аҧсны
Аԥсны Асуперлига аԥшьбатәи атур аҿы аҳҭнықалақь астадион "Динамо" аҿы еиқәшәеит аҟәатәи "Нарҭи" "Афони". 05.04.2023, Sputnik Аҧсны
2023-04-05T18:20+0300
2023-04-05T18:20+0300
2023-04-05T18:20+0300
аԥсны
афотосахьақәа
аспорт
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/04/05/1045044260_0:85:1620:996_1920x0_80_0_0_706365c5a9fa4920557dffd77cbd76eb.jpg
Ахәмарра аламҭалаз х-турк рылҵшәақәа рыла "Нарҭ" иаман 9 кәаталак, "Афон" - 5. Аҟәатәи акоманда атурниртә таблица аханы игылоуп, уи анаҩс ицоит "Гагра" 6 кәаталак рыманы. "Нарҭ" иаман алшара аԥыжәара иамоу аихаҳара, асасцәа ракәзар - урҭгьы ирылшон атаблицаҿы рҭыԥ аиӷьтәра.Ари ахәмарраан "Нарҭ" ахәмарцәа рхы бзианы иаадырԥшит, аиааира ргеит 2:0 ҳәа. Убас ала, аҳҭнықалақь акоманда аиааирақәа го ишааиц иааиуеит, ԥшь-турк рышьҭахь 12 кәатал рымоуп, актәи аҭыԥ аҿы игылоуп."Афон" ахԥатәи аҭыԥ аҿы игылоуп 5 кәаталак рыманы, аха убриаҟараҵәҟьа кәатала змоу гәдоуҭатәи "Риҵа" алшара амоуп аԥшьбатәи атур аҟны актәи ахәмарраан аиааира ганы атаблицаҿы аҩбатәи аҭыԥ ахь ахалара.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2023
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/04/05/1045044260_90:0:1530:1080_1920x0_80_0_0_fe8e5aa979c3e184f1c04f9c5649e490.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
фото, аԥсны, афотосахьақәа, аспорт
фото, аԥсны, афотосахьақәа, аспорт
Аҳҭнықалақьаа аиааира го иааиуеит: "Нарҭи" "Афони" рыхәмарра
Аԥсны Асуперлига аԥшьбатәи атур аҿы аҳҭнықалақь астадион "Динамо" аҿы еиқәшәеит аҟәатәи "Нарҭи" "Афони".
Ахәмарра аламҭалаз х-турк рылҵшәақәа рыла "Нарҭ" иаман 9 кәаталак, "Афон" - 5. Аҟәатәи акоманда атурниртә таблица аханы игылоуп, уи анаҩс ицоит "Гагра" 6 кәаталак рыманы.
"Нарҭ" иаман алшара аԥыжәара иамоу аихаҳара, асасцәа ракәзар - урҭгьы ирылшон атаблицаҿы рҭыԥ аиӷьтәра.
Ари ахәмарраан "Нарҭ" ахәмарцәа рхы бзианы иаадырԥшит, аиааира ргеит 2:0 ҳәа. Убас ала, аҳҭнықалақь акоманда аиааирақәа го ишааиц иааиуеит, ԥшь-турк рышьҭахь 12 кәатал рымоуп, актәи аҭыԥ аҿы игылоуп.
"Афон" ахԥатәи аҭыԥ аҿы игылоуп 5 кәаталак рыманы, аха убриаҟараҵәҟьа кәатала змоу гәдоуҭатәи "Риҵа" алшара амоуп аԥшьбатәи атур аҟны актәи ахәмарраан аиааира ганы атаблицаҿы аҩбатәи аҭыԥ ахь ахалара.

"Нарҭи" "Афони" еиԥылеит Аԥсны ашьапылампыл азы Асуперлига аԥшьбатәи атур аан.

Урҭ рыхәмарра мҩаԥысуан аҳҭнықалақь астадион "Динамо" аҿы.

Ахәмарра аламҭалаз х-турк рылҵшәақәа рыла "Нарҭ" иаман 9 кәаталак, "Афон" - 5.

"Нарҭ" иаман алшара Асуперлигаҿ аԥыжәара иамоу аихаҳара.

Ахәмарцәа иалашыҩкны ампыл иашьҭан.

"Нарҭ" амба аҿаԥхьа ишәарҭаз аҭагылазаашьақәа ыҟан, аха амбахьчаҩ мпылкгьы ивымшәеит.

"Нарҭ" ахәмарҩы дыԥан, ампыл хыла дасны иҩыза иҭара илшеит.

Ари аиԥылараан аҳҭнықалақьаа афонаа иреиӷьхеит.


Убас ала, дара сынтәатәи Асуперлигаҿы актәи аҭыԥ рыманы ишааиц иааиуеит.

Ачемпионат ԥшь-турк рышьҭахь дара ирымоуп 12 кәатала.

Урҭ ирышьҭахх иааиуеит "Гагра", макьана 6 кәаталак рымоуп, аха аԥшьбатәи атур аҿы макьана имыхәмарӡацт.