Аԥсны

АШәМ: Мраҭашәара аполитика Аахыҵ Кавказтәи арегион аҿы аҭагылазаашьа ашьақәҟьара иазырхоуп

Мраҭашәара Қырҭтәыла иабжьыргоит Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи аргьежьырц, уажәы уи азы аамҭа ааины иҟоуп ҳәа азыԥхьаӡаны, абри атәы иҳәеит Урыстәыла адәныҟатә ԥшыхәра Амаҵзура аиҳабы Сергеи Нарышкин.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 5 - Sputnik. ЕАА, Британиа Ду, Европа атәылақәа жәпакы рхымҩаԥгашьа Аахыҵ Кавказтәи арегион аҿы аҭагылазаашьа аиҵаҟьара иазырхоуп, Қырҭтәыла Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рабашьра иадрыԥхьалоит ҳәа Аԥсны-иахьа иазеиҭеиҳәеит АШәМ ахантәаҩы Роберт Киут.
Иара иажәақәа рыла, арҭ атәылақәа ақырҭцәа "аҩбатәи афронт" аартра иадырцалоит, уажәы еиӷьу аамҭа ыҟам ҳәа агәра ддыргоит.

"Аԥсны Ашәарҭадаратә маҵзура иааиԥмырҟьаӡакәа аинформациа аиуеит, аус аднаулоит, анализ азыҟанаҵоит, Урыстәылатәи ҳколлегацәеи ҳареи ҳаиныруеит, аусзуҩцәа техникала еиқәҳаршәоит, разыҟаҵара еиӷьаҳтәуеит", - иҳәеит Киут.

Уаанӡа Урыстәыла адәныҟатә ԥшыхәра Амаҵзура аиҳабы Сергеи Нарышкин иҳәахьан, Мраҭашәара Қырҭтәыла иабжьыргоит Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи аргьыжьырц, уажәы уи азы аамҭа ааины иҟоуп ҳәа азыԥхьаӡаны ҳәа.
Иара иажәақәа рыла, мраҭашәаратәи атәылақәа Қырҭтәыла адырцалоит Урыстәыла арратә ҿагылара аанарԥшырц Украина аҭагылазаашьа инадҳәаланы.
Урыстәыла
Нарышкин: Мраҭашәараа Қырҭтәыла иабжьыргоит Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи аргьыжьырц