Урыстәыла

Нарышкин: Мраҭашәараа Қырҭтәыла иабжьыргоит Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи аргьыжьырц

© Sputnik / Михаил Климентьев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПрезидент РФ В. Путин провел заседание Совбеза РФ
Президент РФ В. Путин провел заседание Совбеза РФ - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.04.2023
Анапаҵаҩра
Урыстәыла адәныҟатә ԥшыхәра Амаҵзура аиҳабы Сергеи Нарышкин усутә ныҟәарыла Беларусиа дыҟоуп, Урыстәыла АԤАи Белоруссиа АШәЕи рколлегиа аилатәара аҽалархәразы. Иара дидикылеит Александр Лукашенко.
АҞӘА, мшаԥы 4 - Sputnik. Урыстәыла иабоит Мраҭашәара Қырҭтәыла ишабжьырго Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи аргьыжьырц, уажәы уи азы аамҭа ааины ишыҟоу ҳәа иҳәеит Урыстәыла адәныҟатә ԥшыхәра Амаҵзура аиҳабы Сергеи Нарышкин.
"Ибзианы иаҳбарҭоуп Вашингтон, Бриуссель, Лондон, уҳәа егьырҭ атәылақәа раҳҭнықалақьқәа ақырҭцәа "аҩбатәи афронт" аартра ишадыргало, уажәы еиӷьу аамҭа ыҟам ҳәа агәра шыддырго", - иҳәеит Нарышкин ажурналистцәа дрыҿцәажәо.
Иара иажәақәа рыла асеиԥш зыҟарҵо Украина аҭагылазаашьа иадҳәаланоуп. Нарышкин иазгәеиҭеит Мраҭашәара Украина аибашьра адәаҿы аҭагылазаашьа шырбарҭоу, уи азы Қарҭ аимак иаладырхәырц шырҭаху.
Аслан Бжания  - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.03.2023
Аԥсны
Бжьаниа: аҵәы зыршозаалакгьы, аӷа арахь дааҳашьҭуам
Ажәабжьқәа зегьы
0