Аԥсны

Арӡынбеи Шадаеви алацәажәеит Аԥсны IT-парк аԥҵара

Инал Арӡынбеи Максут Шадаеви алацәажәеит Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара аинформациатә технологиақәа русхк аҟны аусеицура аԥеиԥшқәа.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 6 - Sputnik. Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынбеи Урыстәыла ацифратә ҿиареи, аимадареи, амассатә коммуникациақәеи рминиср Максут Шадаеви ареспубликаҿы IT-парк аԥҵара иалацәажәеит ҳәа аанацҳауеит Аԥсны ААР амедиацентр.
"Аԥсны аҵакыраҿы IT парк аԥҵара азҵаара иалацәажәан, атәыла – аҩызцәа рҟынтәи аҟазауаа адԥхьаланы. Абри ахықәказы иалацәажәан Аԥсна ахаҭарнакцәеи "Яндекс", "VK" реиԥш иҟоу Урыстәыла IT еилахәырақәа рхаҭарнакцәеи рыбжьара аимадарақәа рышьақәыргылараз алшарақәа", - аҳәоит адырраҭараҿы.
Аԥсны
Аҟәатәи 10-тәи ашкол аҿы IT-класс аадыртуеит
Иара убасгьы иазааҭгылан аԥснытәи ашколхәыҷқәеи арҵаҩцәеи дырҵа алыршара, аҳәынҭмаҵзурақәа ацифратә ҟазшьа рыҭара, х-ганктәи IT-проектқәа аформат Аԥсны-Урыстәыла-Беларус аҟазшьала рымҩаԥгара.