Аԥсны

Гагра ақалақь аҟны ахаҵа дыршьит

Ауаҩшьра ҟалеит Гагра, Баӷрыԥсҭа, мшаԥы 5 асааҭ 21:00 рзеиԥш.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 6 – Sputnik, Бадри Есиава. Гагра ақалақь аҿы мшаԥы 5 рзы ауаҩшьра ҟалеит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит араион апрокурор Беслан Ԥкьын.
36-шықәса зхыҵуаз, Гагра инхоз Гәдоуҭа ииз Раџьаб Анқәаб ихы иеихсит иҩны дандәылҵуаз.
Арыцҳара ҟалеит асааҭ 21:00 рзы. Ашьаус хацыркуп. Аусҭҵаара мҩаԥысуеит.