Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Путин аҳәамҭа ҟаиҵеит зыҽҳазҭыз украинатәи аибашьцәа Киев иннарҵәеит ҳәа

Урыстәыла ахада иажәақәа рыла, украинатәи аибашьцәа 14-ҩык ҭахеит, иара убас урыстәылауаагьы.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 6 – Sputnik. Урыстәыла ахада Владимир Путин аҳәамҭа ҟаиҵеит, тҟәара зхы рызҭаз украинатәи аибашьцәа киевтәи арежим ахаҭа ахымца ргәыдҵаны иҭадырхеит ҳәа. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости ДЖәР ахада ин.н. Денис Пушилини иареи реиқәшәара шьаҭас иганы.
"Украинатәи ар аибашьцәа 14-ҩык тҟәара рхы рырҭеит. Аамҭа акыр инеихьан азы ҳара ҳтәқәа рыхьчаразы иааныжьын. Иагьырыхьчомызт, ашьыжь аибашьра ахьцо аҵакыра аҟынтәи ралгаразы. Аӷа хышә хы ари аҭыԥ иагәыдиҵеит- ируаа зегьы ниарҵәеит", - иҳәеит ахада.
Урыстәыла ахада иажәақәа рыла, аахақәа роуит урыстәылауаагьы. Иазгәеиҭеит, УАМ ртәылауаа рганахьалагьы рыцҳашьаракгьы шрылам.
Уи азы Путин инаҵшьны иазгәеиҭеит, урыстәылатәи аруаа рхықәкы- УАМ амчрақәа ашәарҭара ахьыҟам рнацара шакәу.