Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәылатәи аҳауаҽацәыхьчаратә мчқәа уахыки-ҽнаки рыла украинатәи адронқәа 22 ҭадырхеит

Уахыки-ҽнаки рыҩнуҵҟа аҳауаҽацәыхьчаратә мчқәа аицҭырҟьаратә шьақәгыла HIMARS 13 реактивтә хгәыцәи арадиолокациаҿагыларатә ракета HARM ҭадырххеит.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 6 - Sputnik. Урыстәыла аҳауаҽацәыхьчаратә мчқәа уахыки-ҽнаки рыла украинатәи адронқәа 22 ҭадырхеит ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.

Аоператив-тактикатә авиациа, аракетатә ар, артиллериа уахыки-ҽнаки рыла УАМ артиллериатә ҟәшақәа 89 ааха рырҭеит, 112 раион рҿы – ари атехникеи. Ааха рыҭан УАМ 95-тәи аҳаир-десанттә бригадеи 110-тәи амеханизациа зызуу абригадеи.

Уи адагьы икажьын украинатәи аҳаирплан МиГ-29 ДЖәР аҵакыраҿы. Купиансктәи ахырхарҭаҿы иҭархоуп 40-ҩык украинатәи асолдаҭцәа, акәылӡмашьынақәа ҩба, апикапқәа ҩба, иаԥырҟәҟәаауп адиверсиа-ԥшыхәратә гәыԥқәа хәба ржәылара, Красно-Лимансктәи ахырхарҭаҿы иҭархоуп 80-ҩык асолдаҭцәа, акәылӡмашьынак, автомашьынақәа ҩба, агаубица Д-30.
Донецктәи ахырхарҭаҿы иҭархоуп 410-ҩык аибашьцәа, акәылӡмашьынақәа ҩба, автомашьынақәа ҩба, агаубица Д-30.
Алада-Донецктәии Запорожиатәии ахырхарҭаҿы иҭархоуп УАМ аибашьцәа 30-ҩык, акәылӡмашьынак, апикапқәа ҩба, аџьаԥҳанышьҭаҵарҭақәа ҩба, Херсонтәи ахырхарҭаҿы - 20-ҩык украинатәи аибашьцәа, автомашьынақәа ҩбеи, агаубица "Акациеи" ҭархоуп.
Урыстәыла
Белоруссиатәи авиациа аиадертә бџьар ала ааха ҟанаҵартә аҭагылазаашьа аҭоуп