Урыстәыла

Белоруссиатәи авиациа аиадертә бџьар ала ааха ҟанаҵартә аҭагылазаашьа аҭоуп

© Sputnik / Максим Блинов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраКомандно-штабные учения "Кавказ-2020"
Командно-штабные учения Кавказ-2020 - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.04.2023
Анапаҵаҩра
Асеиԥш ҟаҵоуп НАТО амчрақәа рҽеидкылареи алианс Урыстәылеи Белоруссиеи рҳәаақәа рааигәара активла ахымҩаԥгареи рҭакс.
АҞӘА, мшаԥы 4 - Sputnik. Белоруссиатәи авиациа аҳаирпланқәак аиадертә бџьар ала ааха ҟарҵартә аҭагылазаашьа рыҭоуп ҳәа иҳәеит Арбџьармчқәа рыдҵаҟаҵаҩцәа реилацәажәараан Атәылахьчара аминистр Сергеи Шоигу.

"Белоруссиатәи авиациа аҳаирпланқәак еибыҭоуп аиадертә бџьар ала аӷа иобиектқәа рганахь ала ааха ҟарҵартә", - ҳәа иҳәеит Урыстәыла Атәылахьчара аминистр Сергеи Шоигу.

Уи адагьы белоруссиатәи ар ирыҭоуп акомплекс "Искандер-М", аиадертә ракетақәа зхы иазырхәар алшо.
Хәажәкыра анҵәамҭаз Владимир Путин аҳәамҭа ҟаиҵеит Москвеи Мински Белоруссиа атактикатә иадертә бџьар аргыларазы ишеицәажәаз. Иара иҳәеит, ари жәларбжьаратәи ахыдҵақәа шеиланамго, абџьар аҭара шакәым иаанаго. Пхынгәы 1 азы аҵәахырҭа аргылара хыркәшахоит.
Ажәабжьқәа зегьы
0