Аԥсны

Владимир Путин Аслан Бжьаниа ииубилеи идиныҳәалеит

Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа диит 60 шықәса раԥхьа, 1963 шықәса мшаԥы 6 рзы, Очамчыра араион, Тамшь ақыҭан.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 6 - Sputnik. Урыстәыла ахада Владимир Путин Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа 60 шықәса ихыҵра идиныҳәалеит ҳәа аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.

"Урыстәыла шәара шәырдыруеит ҳтәылақәа рыбжьара аиҩызареи астратегиатә еизыҟазаашьақәеи рырӷәӷәара адгылаҩык иаҳасаб ала. Сақәгәыӷуеит аҩызара зыбжьоу Урыстәылеи Аԥсни рыжәларқәа реизҳазыӷьаразы аԥхьаҟагьы хырҳара злоу ҳицәажәареи аусеицуреи", - ҳәа аҳәоит адныҳәалараҿы.

Урыстәыла ахада аԥснытәи иколлега изеиӷьеишьеит агәабзиара ӷәӷәа, ақәҿиарақәа, аҳәынҭқарратә ус аҟны аихьӡарақәа.