АҞӘА, мшаԥы 7 – Sputnik. Аполитикеи, ахәҳаахәҭра-економикеи, агуманитартәи усхкқәа рҟны аҳәынҭқаррабжьаратә усеицура иалацәажәеит Аԥсны ААР ахада Инал Арӡынбеи Урыстәыла иҟоу Шьамтәылатәи Арабтә республика ацҳаражәҳәаҩ Башар Џьаафари.
Аганқәа хадаратәла иазааҭгылеит Шьамтәыла ацхыраарала Аԥсни Иааигәоу Мрагылареи реиныррақәа рырҭбаара.
Арӡынба Џьаафари Аԥсныҟа ааԥхьара ииҭеит.
Иааигәоу Мрагылара- хадара змоу Аԥсны адәныҟаполитикатә хырхарҭоуп. Хара имгакәа Шьамтәыла иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Баграт Хәытаба Мрагылара Ааигәаҿы Аԥсны ахада ихаҭарнак ҷыдас даҭахоит.