Аԥсны

Аусдырыҩцәа ааха зауз Лыхнашҭатәи аҭәаҵла еиқәырхашьас иамоу атәы рҳәеит

Аԥсны атәылауаа Лыхнашҭа еизеит, уаҟа ашықәс рацәа змаз аҭәаҵла иаакәыршан хьархьла иԥырҟеит еилкаам џьоукы.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 7 – Sputnik, Бадри Есиава. Аекологцәеи абнахылаԥшҩцәеи ааха зауз Лыхнашҭатәи аҭәаҵла еиқәырхашьас иамоу алшарақәа ҭырҵаауеит.
Аԥсны
Лыхнашҭатәи аҵла ааха аҭаразы ахҭыс ала ашьаусҭҵаара хацыркхар ҟалоит
Риҵатәи амилаҭтә парк абнахылаԥшҩы аиҳабы хада Ҭенгьиз Џьергениа иажәақәа рыла, амахә ҟаҭақәа рыла иԥҟоу аҵла ахәҭақәа рыбжьара "ацҳа" ахҵара хыхьтәии ҵаҟатәии реибыркразы.
"Ас еиԥш иҟоу аметодика - аихаҳара еиԥшуп. Аҵла ашьапи хыхьтәи ахәҭеи рыбжьара ахҿарах ала иҟаҵоу "ацҳа" ала ихырҳагоу амаҭәашьарқәа неилоит", - иҳәеит иара.
Џьергьениа иажәақәа рыла, ари аметод ала аҵла аиқәырхара залмыршахар ҟалоит, аха иацхраар алшоит.
Аҵла ашьапы ашәпара хә-метрак рҟынӡа иҟоуп, агәҭаӡа аура 6,3 метра иҟоуп.
Аԥсны атәылауаа Лыхнашҭа еизеит, уаҟа ашықәс рацәа змаз аҭәаҵла иаакәыршан хьархьла иԥырҟеит еилкаам џьоукы.