https://sputnik-abkhazia.info/20230407/lykhnashati-ala-aakha-aarazy-akhys-ala-ashausaara-khatsyrkkhar-aloit-1045131864.html
Лыхнашҭатәи аҵла ааха аҭаразы ахҭыс ала ашьаусҭҵаара хацыркхар ҟалоит
Лыхнашҭатәи аҵла ааха аҭаразы ахҭыс ала ашьаусҭҵаара хацыркхар ҟалоит
Лыхнашҭа иқәгылаз ашықәс рацәа змаз аҭәаҵла иаакәыршан хьархьла иԥырҟеит еилкаам џьоукы ахаша, мшаԥы 5 рзы. 07.04.2023, Sputnik Аҧсны
2023-04-07T11:00+0300
2023-04-07T11:00+0300
2023-04-07T12:13+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
/html/head/meta[@name='og:title']/@content
/html/head/meta[@name='og:description']/@content
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/04/07/1045133767_0:160:3072:1888_1920x0_80_0_0_c2a7f6f1c441b74cb2ee389c7475162f.jpg
АҞӘА, мшаԥы 7 – Sputnik, Бадри Есиава. Лыхнашҭа иқәгылаз ашықәс рацәа змаз аҭәаҵла аԥҟара ахҭыс аганахь ала ашьаусҭҵаара хацыркхар ҟалоит, абри атәы иҳәеит Гәдоуҭа араион аҩнуҵҟатәи аусқәа рыҟәша аиҳабы Зосма Гыцба. Гыцба иажәақәа рыла, иҟалаз ахҭыс аквалификациа- авандализм ҳәа иршьар алшоит, уи ашьаус ҭакԥхықәра ацуп.Аусҭҵаара иадыԥхьалоуп атәыла азинхьчаратә маҵзурақәа зегьы, иахьыҟалаз аҭыԥи уи аҵлеи Аԥсны аҭоурых азы иԥшьоуп, иҳәеит Гыцба.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rosiya Segodnya“
2023
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rosiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rosiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/04/07/1045133767_171:0:2902:2048_1920x0_80_0_0_d4ad578d9ae4608301dc5ec493ab8511.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rosiya Segodnya“
ажәабжьқәа
Лыхнашҭатәи аҵла ааха аҭаразы ахҭыс ала ашьаусҭҵаара хацыркхар ҟалоит
11:00 07.04.2023 (ирҿыцуп: 12:13 07.04.2023) Лыхнашҭа иқәгылаз ашықәс рацәа змаз аҭәаҵла иаакәыршан хьархьла иԥырҟеит еилкаам џьоукы ахаша, мшаԥы 5 рзы.
АҞӘА, мшаԥы 7 – Sputnik, Бадри Есиава. Лыхнашҭа иқәгылаз ашықәс рацәа змаз аҭәаҵла аԥҟара ахҭыс аганахь ала ашьаусҭҵаара хацыркхар ҟалоит, абри атәы иҳәеит Гәдоуҭа араион аҩнуҵҟатәи аусқәа рыҟәша аиҳабы Зосма Гыцба.
"Аҭыԥ ахь ҳнеины иҟаз аабеит, ауааԥсыра азҵаарақәа раҳҭеит, аусҭҵааратә уснагӡатәқәа мҩаԥысуеит. Аматериал еизгоуп. Аус аквалификациа шьақәыргылахоит апрокуратура алархәны. Ашьаус хацыркхар ҟалоит", - иҳәеит иара.
Гыцба иажәақәа рыла, иҟалаз ахҭыс аквалификациа- авандализм ҳәа иршьар алшоит, уи ашьаус ҭакԥхықәра ацуп.
Аусҭҵаара иадыԥхьалоуп атәыла азинхьчаратә маҵзурақәа зегьы, иахьыҟалаз аҭыԥи уи аҵлеи Аԥсны аҭоурых азы иԥшьоуп, иҳәеит Гыцба.