Аԥсны

Лыхнашҭатәи аҵла ааха аҭаразы ахҭыс ала ашьаусҭҵаара хацыркхар ҟалоит

Лыхнашҭа иқәгылаз ашықәс рацәа змаз аҭәаҵла иаакәыршан хьархьла иԥырҟеит еилкаам џьоукы ахаша, мшаԥы 5 рзы.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 7 – Sputnik, Бадри Есиава. Лыхнашҭа иқәгылаз ашықәс рацәа змаз аҭәаҵла аԥҟара ахҭыс аганахь ала ашьаусҭҵаара хацыркхар ҟалоит, абри атәы иҳәеит Гәдоуҭа араион аҩнуҵҟатәи аусқәа рыҟәша аиҳабы Зосма Гыцба.
"Аҭыԥ ахь ҳнеины иҟаз аабеит, ауааԥсыра азҵаарақәа раҳҭеит, аусҭҵааратә уснагӡатәқәа мҩаԥысуеит. Аматериал еизгоуп. Аус аквалификациа шьақәыргылахоит апрокуратура алархәны. Ашьаус хацыркхар ҟалоит", - иҳәеит иара.
Гыцба иажәақәа рыла, иҟалаз ахҭыс аквалификациа- авандализм ҳәа иршьар алшоит, уи ашьаус ҭакԥхықәра ацуп.
Аусҭҵаара иадыԥхьалоуп атәыла азинхьчаратә маҵзурақәа зегьы, иахьыҟалаз аҭыԥи уи аҵлеи Аԥсны аҭоурых азы иԥшьоуп, иҳәеит Гыцба.