Шәачатәи амилаҭтә парк аҭааҩцәа рхыԥхьаӡара ԥкхоит

Аҭааҩцәа рхыԥхьаӡара ашьақәыргылара аметодика аус адырулараны иҟоуп Урыстәыла аиҳабыра.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 7 - Sputnik. Шәачатәи амилаҭтә парк ареликттә ԥсабара ахьчаразы аҭааҩцәа рхыԥхьаӡара ԥкхоит. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости аусбарҭа адиректор Андреи Бородин иажәақәа шьаҭас иганы.
"Ҳара иаҳҭахуп аԥҟара ҿыцқәа шьақәҳарӷәӷәарц, урҭ инарықәыршәаны анаплакҩцәеи аилахәырақәеи хыдҵаны иргарц хырхарҭак иақәшәо амҽхак аиҭашьақәыргылара (аԥсабара иаԥырхагамхо ауаа рхыԥхьаӡара). Апарк аҵакыраҿы иҟоу иарбан хырхарҭазаалак абри амҽхак иақәшәалароуп. Апарк иаднакыло ауаа рацәаҩӡоуп, уи аекологиатә шәарҭарақәа ацуп. Адгьыл рҟоит, зыхкы маҷу аҳаскьын, ашәҭқәа ршьаҟьоит", - ҳәа иҳәоит Бородин.
Лаҵарамзазы Шәача А-147 амҩаду аҟны ареверс ықәгахоит
Апарк аҿы иазгәаҭоуп 150 хырхарҭа. Аха дара зегьы ишахәҭоу еиҿкаам. Амҩахәасҭақәа еиҳаны еиҿкаахар, аҭааҩцәа рхыԥхьаӡара ацҵарагьы алшоит. Убри азы апарк анапхгара аиҿкааратә усурақәа мҩаԥнагоит.
Андреи Бородин иара убасгьы иҳәеит, апарк аиҭашьақәыргыларатә дгьылқәа рхархәара аԥҟарақәа ирықәымныҟәо агентцәа, аӡбарҭала ирыбжьоу атуристтә хырхарҭала аиқәшаҳаҭра шрыбжьырхо.