Аԥсны

Аԥсны АШәМ: ақырҭуа оппозициа Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи ырхынҳәтәуп ҳәа ааԥхьарақәа рыгәҭакуп

Қырҭтәыла аҳҭнықалақь аҿы амҽыша, мшаԥы 9 рзы имҩаԥысраны иҟоуп аоппозициаа рмитинг, уи хықәкыс иамоуп уажәтәи амчра ахҳәаны мраҭашәараҟа зхы хоу аиҳабыра ҿыц раагара.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 8 - Sputnik. Қырҭтәылатәи аоппозициа аҽазнашәоит ақырҭуа уаажәларра Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи ырхынҳәтәуп ҳәа ааԥхьарақәа ҟаҵо ажәлар зегьы уи азаагара, уи алагьы НАТО атәылақәеи Украинеи Урыстәыла иаҿагыланы аҩбатәи афронт аарттәуп ҳәа гәҭакыс ирымоу анагӡара, абри атәы рҳәеит атәыла Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзураҿы.
Мшаԥы 9 асааҭ 17:00 рзы Қырҭтәыла аҳҭнықалақь агәаны имҩаԥысраны иҟоуп апартиа "Иаку амилаҭтә еиҿкаара" амитинг.
АШәМ аҿы иргәаладыршәоит мшаԥы 9 1989 шықәса рзы Қарҭ ишымҩаԥысыз аԥсуа жәлар реидгылара алмыршаразы амитинг. Избанзар убри ашықәса хәажәкыра 18 рзы Лыхны ақыҭан имҩаԥысит аԥсуа жәлар реизара ду, уи аҟны адҵа ықәдыргылеит Аԥснытәи АССР Қырҭтәылатәи ССР иалҵырц азы. Убри ашықәсан ԥхынгәымзазы иҟалеит амилаҭбжьаратә еиҿагыларақәа аҵыхәтәаны Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра зылҵшәахаз.
АШәМ адыррақәа рыла, Қарҭ аҿагыларатә акциақәа ирыладыхәырц ргәы иҭоуп Аԥснынтәи ихҵәаз ҳәа иԥхьаӡоу Қырҭтәыла атәылауааи Гал араион анхацәеи, ҷыдала, ақырҭуа ҵараиурҭақәа ирҭоу астудентцәеи Аԥсны инхо урҭ рыуацәеи.
Аԥсны
Аԥсни Қырҭтәылеи рҳәаа ахысразы аԥкрақәа алагалоуп
Убри азоуп Аԥсны атәылауаа рзы изадыркыз аԥсуа-ақырҭуа ҳәаа.
"Абри азы ҳаӡбамҭа иалнаршоит Аԥсны атәылауаа ауаа шьақәызҟьо урҭ апроцессқәа ирылахәымхарц. Аԥсуа-ақырҭуа ҳәааҿы иҟоу аушьҭырҭатә ҭыԥқәа зегь аркуп, абыржәтәи аамҭазы аҳәаа иаԥну аиланхарҭақәа рҿы аҭагылазаашьа ҭышәынтәалоуп", - ҳәа ануп Ашәарҭадартә маҵзура адырраҭараҿы.
АШәМ иааиԥмырҟьаӡакәа Урыстәылатәи рколлегацәа ирымадоуп, ашәарҭарақәа цәырҵыргьы, ианахәҭоу ишахәҭоу аҭак рыҭара иазыхиоуп.
Мшаԥы 8 рзы Аԥсны Арбџьармчқәа мҽхакыҭбаалатәи аҽазыҟаҵарақәа ирылагеит.
Аԥсны
Аԥсны Арбџьармчқәа мҽхакы ҭбаала аҽазыҟаҵарақәа ирылагеит