Арадио

Хра злоу ахҭысқәа: Ҳапат Ҭырқәтәылеи, Аԥсни, Урыстәылеи аӷба рыбжьаҵаразы

Sputnik
Шәачеи Трабзони рыбжьара апаром бжьаҵахоит. Заанаҵтәи адыррақәа рыла, ари аимадара хацыркхоит лаҵарамза 1 азы. Ас еиԥш иҟоу ахҭыс ҳџьынџьуаа рымадара иахьынӡаныԥшуа, ҳаиҭанеиааира ахьынӡарманшәало атәы арадио Sputnik Аԥсны иазеиҭеиҳәеит Ауаажәларратә палата алахәыла, анаплакҩы Низам Ҳапат.
Урыстәылеи Ҭырқәтәылеи амшынтә еимадара аҵыхәтәаны ирыбжьан 2014 шықәсазы. Ари аус еиҭа ихацыркхар, ҳџьынџьуаа рзы даара акраҵанакрын ҳәа азгәеиҭеит аиҿцәажәараҿы Ҳапат. Мшынла амҩақьыра ахәԥса акырӡа илаҟәуп ҳаирпланла аасҭа иҳәеит иара.
"Мраҭашәаратәи атәылақәа аанкылаӡом, зегь рыла Урыстәыла иаҿагылоуп. Ҭырқәтәылеи Урыстәылеи реизыҟазаашьақәа макьана ибзиоуп, уи ҳаргьы иаҳнаруеит, аха алхрақәа рышьҭахь аҭагылазаашьа зеиԥшрахо ҳаздырӡом, убри аҟнытә ари аимадара шыбжьаҵахо атәы аҳәара заацәоуп", - ҳәа азгәеиҭеит Ҳапат.
Убри аан Ауаажәларратә палата алахәыла иҳәеит ааигәа Ҭырқәтәылантәи раԥхьаӡа акәны ишааз аидара мҩанызго аӷба, ҳџьынџьуаа иаархәаз.
"Ҳҩызцәа апаром аахәаны арахь ибжьарҵеит, аха уигьы аиҿкаара ауадаҩра дуқәа ацын. Ҳара иаҳаҭхуп атранзит Ҭырқәтәыла-Аԥсны-Урыстәыла аиҿкаара, уи азы аиҿцәажәарақәа цоит. Зегьы аанызкыло ҳахьазхаҵам ауп", - иҳәеит Хапат.
Низам Ҳапат иажәақәа рыла, ахәҳаахәҭра иабзоураны иӡбахар ҟалоит егьырҭ азҵаарақәагьы, иара иазгәеиҭеит, шықәсқәак раԥхьа Аԥсни Ҭырқәтәылеи рыбжьара ахәаахәҭра еиҳа еиҳаны ишрыбжьаз Ҭырқәтәылеи Иапониеи ирыбжьаз аасҭа.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.