https://sputnik-abkhazia.info/20230408/khra-zlou-akhysa-apat-yrtylei-asni-urystylei-aba-rybzhaarazy--1045063630.html
Хра злоу ахҭысқәа: Ҳапат Ҭырқәтәылеи, Аԥсни, Урыстәылеи аӷба рыбжьаҵаразы
Хра злоу ахҭысқәа: Ҳапат Ҭырқәтәылеи, Аԥсни, Урыстәылеи аӷба рыбжьаҵаразы
Sputnik Аҧсны
Шәачеи Трабзони рыбжьара апаром бжьаҵахоит. Заанаҵтәи адыррақәа рыла, ари аимадара хацыркхоит лаҵарамза 1 азы. Ас еиԥш иҟоу ахҭыс ҳџьынџьуаа рымадара... 08.04.2023, Sputnik Аҧсны
2023-04-08T16:46+0300
2023-04-08T16:46+0300
2023-04-08T16:46+0300
арадио
аԥсны
аподкаст
хра злоу ахҭысқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/04/05/1045063426_0:0:3067:1725_1920x0_80_0_0_3bfd3453d9adc94bdd939add476a1b4c.jpg
Хра злоу ахҭысқәа: Хапат Ҭырқәтәылеи, Аԥсни, Урыстәылеи аӷба рыбжьаҵаразы
Sputnik Аҧсны
Хра злоу ахҭысқәа: Хапат Ҭырқәтәылеи, Аԥсни, Урыстәылеи аӷба рыбжьаҵаразы
Шәачеи Трабзони рыбжьара апаром бжьаҵахоит. Заанаҵтәи адыррақәа рыла, ари аимадара хацыркхоит лаҵарамза 1 азы. Ас еиԥш иҟоу ахҭыс ҳџьынџьуаа рымадара иахьынӡаныԥшуа, ҳаиҭанеиааира ахьынӡарманшәало атәы арадио Sputnik Аԥсны иазеиҭеиҳәеит Ауаажәларратә палата алахәыла, анаплакҩы Низам Ҳапат.Урыстәылеи Ҭырқәтәылеи амшынтә еимадара аҵыхәтәаны ирыбжьан 2014 шықәсазы. Ари аус еиҭа ихацыркхар, ҳџьынџьуаа рзы даара акраҵанакрын ҳәа азгәеиҭеит аиҿцәажәараҿы Ҳапат. Мшынла амҩақьыра ахәԥса акырӡа илаҟәуп ҳаирпланла аасҭа иҳәеит иара."Мраҭашәаратәи атәылақәа аанкылаӡом, зегь рыла Урыстәыла иаҿагылоуп. Ҭырқәтәылеи Урыстәылеи реизыҟазаашьақәа макьана ибзиоуп, уи ҳаргьы иаҳнаруеит, аха алхрақәа рышьҭахь аҭагылазаашьа зеиԥшрахо ҳаздырӡом, убри аҟнытә ари аимадара шыбжьаҵахо атәы аҳәара заацәоуп", - ҳәа азгәеиҭеит Ҳапат.Убри аан Ауаажәларратә палата алахәыла иҳәеит ааигәа Ҭырқәтәылантәи раԥхьаӡа акәны ишааз аидара мҩанызго аӷба, ҳџьынџьуаа иаархәаз."Ҳҩызцәа апаром аахәаны арахь ибжьарҵеит, аха уигьы аиҿкаара ауадаҩра дуқәа ацын. Ҳара иаҳаҭхуп атранзит Ҭырқәтәыла-Аԥсны-Урыстәыла аиҿкаара, уи азы аиҿцәажәарақәа цоит. Зегьы аанызкыло ҳахьазхаҵам ауп", - иҳәеит Хапат.Низам Ҳапат иажәақәа рыла, ахәҳаахәҭра иабзоураны иӡбахар ҟалоит егьырҭ азҵаарақәагьы, иара иазгәеиҭеит, шықәсқәак раԥхьа Аԥсни Ҭырқәтәылеи рыбжьара ахәаахәҭра еиҳа еиҳаны ишрыбжьаз Ҭырқәтәылеи Иапониеи ирыбжьаз аасҭа.Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2023
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/04/05/1045063426_163:0:2892:2047_1920x0_80_0_0_042db035af517f80b489955bfe909945.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, аподкаст, хра злоу ахҭысқәа, аудио
аԥсны, аподкаст, хра злоу ахҭысқәа, аудио
Шәачеи Трабзони рыбжьара апаром бжьаҵахоит. Заанаҵтәи адыррақәа рыла, ари аимадара хацыркхоит лаҵарамза 1 азы. Ас еиԥш иҟоу ахҭыс ҳџьынџьуаа рымадара иахьынӡаныԥшуа, ҳаиҭанеиааира ахьынӡарманшәало атәы
арадио Sputnik Аԥсны иазеиҭеиҳәеит Ауаажәларратә палата алахәыла, анаплакҩы Низам Ҳапат.
Урыстәылеи Ҭырқәтәылеи амшынтә еимадара аҵыхәтәаны ирыбжьан 2014 шықәсазы. Ари аус еиҭа ихацыркхар, ҳџьынџьуаа рзы даара акраҵанакрын ҳәа азгәеиҭеит аиҿцәажәараҿы Ҳапат. Мшынла амҩақьыра ахәԥса акырӡа илаҟәуп ҳаирпланла аасҭа иҳәеит иара.
"Мраҭашәаратәи атәылақәа аанкылаӡом, зегь рыла Урыстәыла иаҿагылоуп. Ҭырқәтәылеи Урыстәылеи реизыҟазаашьақәа макьана ибзиоуп, уи ҳаргьы иаҳнаруеит, аха алхрақәа рышьҭахь аҭагылазаашьа зеиԥшрахо ҳаздырӡом, убри аҟнытә ари аимадара шыбжьаҵахо атәы аҳәара заацәоуп", - ҳәа азгәеиҭеит Ҳапат.
Убри аан Ауаажәларратә палата алахәыла иҳәеит ааигәа Ҭырқәтәылантәи раԥхьаӡа акәны ишааз аидара мҩанызго аӷба, ҳџьынџьуаа иаархәаз.
"Ҳҩызцәа апаром аахәаны арахь ибжьарҵеит, аха уигьы аиҿкаара ауадаҩра дуқәа ацын. Ҳара иаҳаҭхуп атранзит Ҭырқәтәыла-Аԥсны-Урыстәыла аиҿкаара, уи азы аиҿцәажәарақәа цоит. Зегьы аанызкыло ҳахьазхаҵам ауп", - иҳәеит Хапат.
Низам Ҳапат иажәақәа рыла, ахәҳаахәҭра иабзоураны иӡбахар ҟалоит егьырҭ азҵаарақәагьы, иара иазгәеиҭеит, шықәсқәак раԥхьа Аԥсни Ҭырқәтәылеи рыбжьара ахәаахәҭра еиҳа еиҳаны ишрыбжьаз Ҭырқәтәылеи Иапониеи ирыбжьаз аасҭа.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.