Аԥсны

Гәдоуҭа араион аҟны Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра абаҟақәа дырҽеиуеит

Гәдоуҭа араион аҟны 21 қыҭа ыҟоуп. Қыҭацыԥхьаӡа Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан иҭахаз рыхьӡала абаҟақәа гылоуп.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 10 – Sputnik, Бадри Есиава. Цәыббра 30 аҟынӡа Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра абаҟақәа дырҽеиуеит Гәдоуҭа араион аҟны ҳәа Sputnik акорреспондент изеиҭеиҳәеит араион ахада ихаҭыԥуаҩ Валери Аҩӡба.
Иара иҳәеит 1992-1993 шықәсқәа рзы иҭахаз ҳаибашьцәа ирызку абаҟақәа қыҭацыԥхьаӡа ишгылоу, иҟоуп иахьеиҳаугьы.

"Зынӡа араион аҿы 25 баҟа гылоуп. Ақыҭақәа рхадацәа арзаҳал рҩыроуп араион ахада ихьӡала абаҟақәа реиҭашьақәыргыларазы. Анаҩс уахь инашьҭхоит акомиссиа ҷыда, араион архитектор хада дзаԥхьагылоу, аҭыԥ аҿы абаҟа аиҭашьақәыргылара шаҭаху азы ашәҟәқәа еиҿыркаарц" - иҳәеит Аҩӡба.

Иара иажәақәа рыла акомиссиа аусура ашьҭахь ахарџьынҵа шьақәыргылахоит, аԥарақәа араион абиуџьет аҟынтәи иҭыргоит. Аԥара азымхо иҟалар, араион анапхгара аиҳабыра рахь ацхыраара иаҳәоит.