АҞӘА, мшаԥы 10 – Sputnik. Аԥсны атәылауаа рзы Егры аҳәаа ахысразы иалагалаз аԥкрақәа аԥыхәуп, абри атәы иҳәеит Sputnik аинтервиу азҭаз Аԥсны АШәМ амаҵзура.
Иахьа инаркны аԥкрақәа аԥыхәуп рҳәеит аусбарҭаҟны.
Аԥсни Қырҭтәылеи рҳәаа ахысразы аԥкрақәа алагалан мшаԥы 7 рзы. Аԥсны ауааԥсыра аҳәаа рахыжьразы аԥкрақәа аларгалеит Қырҭтәыла иҟоу аҭагылазаашьа инамаданы. Аушьҭырҭатә ҭыԥқәа зегьы аркын.
ЕгрыГЕС аусзуҩцәеи агуманитартә ҟазшьа зманы атәыла иалҵуаз ауааи иалагалаз аԥкрақәа ирыҵанакуамызт.