АҞӘА, мшаԥы 10 – Sputnik. Донецктәи ахырхарҭаҿы уахыки-ҽнаки рыла украинатәи аибашьцәа 290-ҩык ҭархоуп, абри атәы аанацҳауеит Урыстәыла атәылахьчара аминистрра.
Иара убас ари ахырхарҭаҿы иҭархоуп акәылӡы-еибашьыгатә машьынақәа хәба, амашьынақәа ԥшьба, ахаланыҟәагатә артиллериатә шьақәгыла "Гвоздика", агаубицақәа "Мста-Б", Д-20, амеханизациа зызу УАМ 54-тәи абригада аџьаԥҳанышьҭаҵарҭа.
Купиантәи ахырхарҭаҿы уахыки-ҽнаки рыла иҭархан 30-ҩык украинатәи аибашьцәа, акәылӡы машьынақәа ҩба, амашьынақәа хԥа, ахаланыҟәагатә артиллериатә шьақәгыла "Гвоздика", агаубица Д-20, амеханизациа зызу УАМ 67-тәи абригада аџьаԥҳаны.
Красно-Лимансктәи ахырхарҭала уахыки-ҽнаки рыла аӷа ицәыӡит 120-ҩык асолдаҭцәа, аибашьыгатә акәылӡмашьынақәа хәба, автомашьынақәа хԥа, ахаланыҟәатә артиллериатә шьақәгыла "Гвоздика", агаубица Д-20. Урҭ рыдагь иҭархоуп УАМ амеханизациа зызу 66-тәи абригада аџьаԥҳанышьҭаҵарҭа.
Алада-Донецктәи Запорожтәи ахырхарҭақәа рҿы 50-ҩык инареиҳаны аӷа ацәыӡқәа имоуп, аибашьыгатә кәылӡмашьына, апикапқәа ҩба, ахаланыҟәатә артиллериатә шьақәгыла "Гвоздика", Херсонтәи ахырхарҭаҿы иҭархоуп - 40-ҩык рҟынӡа украинатәи аруаа, аибашьыгатә кәылӡмашьынақәа ҩба, автомашьынақәа 15, артиллерииатә шьықәгыла М777 акы, агаубица Д-30, ахаланыҟәатә артиллериатә шьақәгыла "Гвоздика".
Урыстәыла аоператив-тактикатәи арратә авиациеи, аракетатә ари артиллериеи уахыки-ҽнаки рыла ааха рырҭеит УАМ артиллериатә ҟәшақәа 102, иара убас аруааи аибашьыгатә техникеи 134 раион рыҟны.
Урыстәыла аҳауахьчаратә мчқәа уахыки-ҽнаки рыла аицҭырҟьаратә система HIMARS ахгәыцәқәа ҩба еиҵдырҟьеит, иҭадырхеит украинатәи аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа 11.