Аԥсны

Урыстәылауаа ҩыџьа аметадон аҭиразы Аҟәа иаанкылоуп

Иаанкылоу 22 грамм аметадон рымхәуп, дара аҭыԥ ҭаҵәахқәа рыла иаладырҵәон.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 10 – Sputnik. Аҟәатәи ақалақьтә усӡбарҭа аҭакра рықәнаҵеит мҽхакы ҭбаала анаркотикқәа алазырҵәоз урыстәылауаа Иури Шумкови Данил Гублиси. Абри атәы аанацҳауеит аусӡбарҭа асаит.
Аусҭҵаара адыррақәа рыла, Шумкови Гублиси еибыҳәаны аҭыԥ ҭаҵәахқәа рыла аметадон аладырҵәон.
Маӡалатәи ашьҭаҵарҭақәа ахьыҟоу аҭыԥ еилыркаауан Telegram аҟны иаԥҵаз ахьӡ "Мага" ала.
Азинхьчаратә усбарҭақәа русзуҩцәа Шумков идырбалеит 12,8 грамм аметадон, Гублис – 9,2 грамм.
Аусӡбарҭа аӡбамҭала Данил Uублис даанкылоуп рашәара 6 2023 шықәсанӡа, Иури Шумков- лаҵарамза 31 2023 шықәсанӡа.