Аԥсны

Аԥснытәи аномерқәа змоу автомашьынақәа Урыстәыла аҳәаа рахысразы ауадаҩрақәа роуит

Мшаԥы 10 асааҭ 6:00 рзы Урыстәыла аҳазылхратә усбарҭақәа ринформациатә система еиԥҟьеит акибержәылара иахҟьаны.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 11 - Sputnik. Аԥсни Урыстәылеи рҳәаа ахысраан аԥсуа аномерқәа змоу амашьынарныҟәцаҩцәа ауадаҩрақәа шрымац иаанхоит.

Урыстәыла АҲМ ишаанацҳауа ала акибержәылара ашьҭахь аҳазалхратә аинформсистема аусурақәа хәҭакны ишьақәыргылоуп. Ашьақәыргылараз аусурақәа макьанагьы имҩаԥысуеит.

Ахылаԥшҩцәа аҳазалхратә операциақәа мҩаԥыргоит ақьаадтә шәҟәқәа рхархәарала.
ААҬ "Адлер" аҿы иазгәарҭеит аҳәаанырцә номерқәа змоу автомашьынақәа аҳазалхырҭа аинформациатә система иныҭкааны ишьақәдыргылаанӡа аҳәаа ишзахымсуа.
Ашәҟәы иҭагалатәу аидара зқәу амашьынақәа аҳәаа изахысӡом аҳәынҭномерқәа ирыдҳәаламкәагьы.
Аушьҭырҭатә ҭыԥ аҿы агәаран ҟалеит. Ауаа асистема аиҭашьақәыргылара иазԥшуп. Ауадаҩрақәеи азҵаарақәеи рзы аҭел асра ҟалоит абарҭ аномерқәа рыла: +7 (863) 201-92-98, +7 (863) 250-93-15.
Урыстәылатәи аҳазалхырҭа аинформсистема аусура еиԥҟьеит