Аԥсны

Тарас Шамба ихьӡ зху апарк аҿы арҽеиратә усурақәа цоит

Аиҭашьақәыргыларатә усурақәа азгәаҭоуп Аџьынџьтәылатә еибашьра аҟны игаз Аиааира 30 шықәса ахыҵра аламҭалазы.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 11 - Sputnik. Аҟәа ақалақь ахадара Тарас Шамба ихьӡ зху апарк аҿы арҽеиратә усурақәа мҩаԥнагоит Аџьынџьтәылатә еибашьра аҟны Аиааира 30 шықәса ахыҵра аламҭалазы. Аусурақәа анапы иануп АУ "Ақалақьргыларапроект".
Уажәазы апарк иакәыршаз аанда амырххьеит.

"Аанда ҟалаӡом. Ари ақалақьтә ҵакыра иаҵанакуеит, ауаҩы илаԥш акгьы иахьымсуазароуп ҳәа азырыԥхьаӡоит ақалақь ахадареи ауааԥсыра рыхәҭаки", - ҳәа иҳәеит АУ "Ақалақьргыларапроект" адиректор Асҭамыр Ԥиԥиа.

Иазгәаҭоуп аӡыршә аиҭашьақәыргылара. Аӡы ахьамоу иҭадырбоит, адгьыл ықәрыԥсоит, аӡымҩангаразы адренажтә система аздырхиоит.
Иара убасгьы апарк аҿы ирыԥсахуеит:
4127 метрԥшьыркца ахаҳәҟьаԥс,
124 метра амҩатә цәхыԥ,
1385 метра атротуартә цәхыԥқәа,
60 арлашагатә шьаҟақәа.
Апарк анышьақәдаргылалак ашьҭахь иаздырхынҳәуеит XIX ашәышықәса иаҵанакуа Индоевропатәи ателеграф аҭыџьтә шьаҟақәа. Дара зынӡа жәаба ыҟоуп, аха зегьы макьаназ еиҭашьақәыргылам.