https://sputnik-abkhazia.info/20230411/taras-shamba-ikh-zkhu-apark-ay-areirat-usuraa-tsoit-1045212809.html
Тарас Шамба ихьӡ зху апарк аҿы арҽеиратә усурақәа цоит
Тарас Шамба ихьӡ зху апарк аҿы арҽеиратә усурақәа цоит
Sputnik Аҧсны
Аиҭашьақәыргыларатә усурақәа азгәаҭоуп Аџьынџьтәылатә еибашьра аҟны игаз Аиааира 30 шықәса ахыҵра аламҭалазы. 11.04.2023, Sputnik Аҧсны
2023-04-11T15:00+0300
2023-04-11T15:00+0300
2023-04-11T15:00+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аҟәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/04/0b/1045207293_0:161:3068:1887_1920x0_80_0_0_8b3858ca477ef2a4cdd42f8ead4c4783.jpg
АҞӘА, мшаԥы 11 - Sputnik. Аҟәа ақалақь ахадара Тарас Шамба ихьӡ зху апарк аҿы арҽеиратә усурақәа мҩаԥнагоит Аџьынџьтәылатә еибашьра аҟны Аиааира 30 шықәса ахыҵра аламҭалазы. Аусурақәа анапы иануп АУ "Ақалақьргыларапроект". Уажәазы апарк иакәыршаз аанда амырххьеит. Иазгәаҭоуп аӡыршә аиҭашьақәыргылара. Аӡы ахьамоу иҭадырбоит, адгьыл ықәрыԥсоит, аӡымҩангаразы адренажтә система аздырхиоит. Иара убасгьы апарк аҿы ирыԥсахуеит: Апарк анышьақәдаргылалак ашьҭахь иаздырхынҳәуеит XIX ашәышықәса иаҵанакуа Индоевропатәи ателеграф аҭыџьтә шьаҟақәа. Дара зынӡа жәаба ыҟоуп, аха зегьы макьаназ еиҭашьақәыргылам.
аҟәа
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2023
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/04/0b/1045207293_169:0:2900:2048_1920x0_80_0_0_4822ac1dc7ff348ae3cf018a578c34c6.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аҟәа
Тарас Шамба ихьӡ зху апарк аҿы арҽеиратә усурақәа цоит
Аиҭашьақәыргыларатә усурақәа азгәаҭоуп Аџьынџьтәылатә еибашьра аҟны игаз Аиааира 30 шықәса ахыҵра аламҭалазы.
АҞӘА, мшаԥы 11 - Sputnik. Аҟәа ақалақь ахадара Тарас Шамба ихьӡ зху апарк аҿы арҽеиратә усурақәа мҩаԥнагоит Аџьынџьтәылатә еибашьра аҟны Аиааира 30 шықәса ахыҵра аламҭалазы. Аусурақәа анапы иануп АУ "Ақалақьргыларапроект".
Уажәазы апарк иакәыршаз аанда амырххьеит.
"Аанда ҟалаӡом. Ари ақалақьтә ҵакыра иаҵанакуеит, ауаҩы илаԥш акгьы иахьымсуазароуп ҳәа азырыԥхьаӡоит ақалақь ахадареи ауааԥсыра рыхәҭаки", - ҳәа иҳәеит АУ "Ақалақьргыларапроект" адиректор Асҭамыр Ԥиԥиа.
Иазгәаҭоуп аӡыршә аиҭашьақәыргылара. Аӡы ахьамоу иҭадырбоит, адгьыл ықәрыԥсоит, аӡымҩангаразы адренажтә система аздырхиоит.
Иара убасгьы апарк аҿы ирыԥсахуеит:
4127 метрԥшьыркца ахаҳәҟьаԥс,
1385 метра атротуартә цәхыԥқәа,
Апарк анышьақәдаргылалак ашьҭахь иаздырхынҳәуеит XIX ашәышықәса иаҵанакуа Индоевропатәи ателеграф аҭыџьтә шьаҟақәа. Дара зынӡа жәаба ыҟоуп, аха зегьы макьаназ еиҭашьақәыргылам.