Бадраҟ Аҩӡба, Sputnik
Атауарқәа аҳәаа рахыгара аԥҟарақәа
Атауарқәа аҳәаа рахыгара аԥҟарақәа ртәы далацәажәеит Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы ахантәаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Алиас Лабахәуа, Sputnik аинтервиу анеиҭоз. Иара иҳәеит ахада иусԥҟа иаҵанакуа ахатәхаҿқәа рымацара роуп ҳәа.
"Қырҭтәылеи Аԥсни рҳәаа атауарқәа рахыгара зылшо ахатәхаҿқәа рымацара роуп. Ари аӡбара аиурист хаҿқәагьы аҵанакӡом. Ахатәхаҿқәа аус рыцуразы атерминалқәа ықәыргылоуп. Уа дара аҳазатә шәарақәа мҩаԥыргоит", - ҳәа еиҭеиҳәеит иара.
Аидара аҳәаа ахыгараан уи агәаҭареи ахылаԥшреи аҳазалхыҩцәа рзы ипроблемаӡам. Аилак азыхиоуп анапынҵақәа рынагӡара иҳәеит Лабахәуа.
"Аҳазатә шәара шымҩаԥгоу шьақәзырӷәӷәо адокумент зцу аидара анаҩсҟа имҩаныргоит. Иҟоуп узхымԥо аԥҟара – ақырҭуа дырга заархоу атауар аҳәаа иахрыжьӡом", - ҳәа азгәеиҭеит Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы ахантәаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Алиас Лабахәуа.
Тауарқәак аҳәаа рахыгара аԥкра адҳәалахоит заҟа лассы-лассы урҭ ахырго.
"Аӡәы лассы-лассы аҳәаа атауар шахиго азгәаҭахар, даҽа ҳазатә шәарақәак изышьақәыргылахоит", - иҳәеит Лабахәуа.
Аҳәаа иахыгазар иҟало автомобилтә транспорт акәзаргьы, аӡәы изы акы ҳәа ишьақәыргылоуп.
"Абри аҩыза аԥҟара аус ауеит АХҬ "Ԥсоу" аҿгьы, аха ара ҽа варианткгьы ыҟоуп. Уа ИАЕ амашьынақәа рпартиа аҳәаа иахыргозар, аҳазатә еиҿкаара мҩаԥысуеит. Аԥсни Қырҭтәылеи рҳәааҿы акәзар, усеиԥш ҟалом, ара иҭзыжьыз азауад аҟынтә ашәҟәы зцу транспорттә хархәагак ауп ахаҿы ииаигар алшо. Макьаназ усеиԥш мҩаԥысуам. Ақьаад аҭагылазаашьа иазырхиоуп. Уи иаҿырԥшны ҳусура мҩаԥаагалоит", - иҳәеит иара.
Аҳазалхратә еилакы азыхиоуп ахада иусԥҟа анагӡара, аҳәааҿы проблемак ҳазцәырҵны иҟам аҳазатә шәарақәа ралгара аганахьала ҳәа иҳәеит иара.
Аҳәааҿы акарантин
Аҵиаақәа ркарантин азы аинспекциа аиҳабы Аркади Џьынџьиа еиҭеиҳәеит аусбарҭа аҟазауаа Аԥсни Қырҭтәылеи рҳәаа аҳазалхратә ҭыԥ аҿы аус шыруа атәы. Дара иахәҭаны иҟоу ахархәагақәа рыла еиқәыршәоуп. Убри аан иара иазгәеиҭеит ахада инапы зҵеиҩыз аусԥҟа инадҳәаланы аҳәааҿы атауарқәа рымҩангара заҟа иацло шеилкаам.
"Акарантинтә маҵзура агәаҭара иахмыжькәа атауар аҳәаа изахысуам. Аҳәааҿы игылоуп ҳусбарҭа аҟазауаа. Урҭ ҳара иҳаҵанакуа изакәызаалак атауар гәарҭоит", - иҳәеит иара.
Џьынџьиа иазгәеиҭеит акарантинтә маҵзура ишамоу алшара аҳәаа захыгара азин ыҟоу атауар агәаҭара.
"Ҳара аиҭаҳатәқәа гәаҳҭоит аԥхасҭа ҟазҵо акыр рылоу ирыламу. Уи азы ахархәага ҳзықәгылоуп", - ҳәа иҳәеит аусбарҭа аиҳабы.
Ахада иусԥҟа инақәыршәаны уажәшьҭарнахыс азин ҟалоит аҳәаа ахыгара: шықәсык зхыҵуеи шықәсырацәала изызҳауеи акультурақәа реиҭаҳатәқәа, ақыҭанхамҩатә культурақәа реиҭаҳатә, ажәла, зыԥсы ҭоу аԥсаатә, аԥстәқәа рыфатә, ақыҭанхамҩатә техника, автомобилтә хархәагақәа, атранспорттә хархәагақәа рзы ахәшахьшьтәқәа.