Аԥсны

Артиллериеи аибашьратә еиқәыршәара аҟәшақәеи аҽазыҟаҵарақәа рыҽрыладырхәит

Аԥсны Арбџьармчқәа мшаԥы 8 рзы инарҭбаау азеиԥш ҽазыҟаҵарақәа ирылагеит.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 12 – Sputnik. Аԥсны Арбџьармчқәа артиллериеи аибашьратә еиқәыршәара аҟәшақәеи аҽазыҟаҵарақәа аҩбатәи аетап мҩаԥыргоит.
1 / 2

Аԥсны Арбџьармчқәа мҽхакы ҭбаала аҽазыҟаҵарақәа ирылагеит

2 / 2

Аԥсны Арбџьармчқәа мҽхакы ҭбаала аҽазыҟаҵарақәа ирылагеит

Аҽазыҟаҵарақәа рыҽрыладырхәит Аҟәатәи Иреиҳаӡоу азеиԥш артә дҵаҟаҵаратә ҵараиурҭа акурсантцәеи аушьҭымҭацәеи.
Ари аетап иахықәкуп аӷа ижәылара ацәцара, аӷа иобиектқәа амца рыжәҵара.
Ҷыдала азхьаԥшра аҭоуп аӷа иԥшыхәра, аԥшыхәратә дыррақәа аус рыдулара, уахи-ҽни аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа рыла артиллериа, аминаршәгақәа, аицҭырҟьаратә реактивтә система рхымца аиқәыршәара.
Аԥсны
Аԥсны Арбџьармчқәа мҽхакы ҭбаала аҽазыҟаҵарақәа ирылагеит