Арадио

Ԥандариа еиҭеиҳәеит Афонтәи аҳаԥы аҿы ицо аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ртәы

Sputnik
Афонҿыцтәи аҳаԥаҿы аԥхын аамҭа аламҭалазтәи аҽазыҟаҵарақәа ирҿуп, ицоит аиҭашьақәыргыларатә усурақәа. Иарбан усқәоу, насгьы аусурақәы рымҩаԥгаразы иадыԥхьалоу, сынтәа ҿыцрақәас иазгәаҭоу, ҳаԥхьаҟа ргәы иҭоу, абрҭқәа ртәы арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит аҳаԥы аиҳабы актәи ихаҭыԥуаҩ Беслан Ԥандариа.
Иара иажәақәа рыла, мышқәак рышьҭахь аҳаԥы ахыбра ду аҿы адәахьтәи аусурақәа ирылагарц ргәы иҭоуп. Ростовынтә иааит аргыларатә маҭәахәқәа зҭоу амашьынақәа, уажәы аҟазацәа ирзыԥшуп.
"Апроект ҷыдала иазырхиан абарҵа аиҭашьақәыргыларазы. Иԥшӡахоит ҳәа сгәы иаанагоит. Сынтәатәи аусурақәа иааидкыланы ирзоужьуп 92 миллион мааҭ", - ҳәа иҳәеит Ԥандариа.
Уи анаҩс Беслан Ԥандариа иҳәеит, аихамҩа аиҭашьақәыргыларазы апреокт аус адулара ишаҿу.
"Уажәы иҟоу амҿтәы ашпалқәа роуп. Акыр иааит дара. Иԥсахтәуп. Аиха-абетон иалхны аҟаҵара ҳгәы иҭоуп. Уи ахатәы ҷыдарақәа амоуп. Уигьы Урыстәылантә аҟазацәа адԥхьаланы ашықәс ҿыц ашьҭахь аусурақәа рымҩаԥгара ҳгәы иҭоуп. Ашпалқәа рхаҭақәа ари ашықәс азы иаахәахоит", - ҳәа еиҭеиҳәеит Ԥандариа.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.