https://sputnik-abkhazia.info/20230413/andaria-eieieit-afonti-aay-ay-itso-aiashayrgylarat-usuraa-rty-1045239845.html
Ԥандариа еиҭеиҳәеит Афонтәи аҳаԥы аҿы ицо аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ртәы
Ԥандариа еиҭеиҳәеит Афонтәи аҳаԥы аҿы ицо аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ртәы
Sputnik Аҧсны
Афонҿыцтәи аҳаԥаҿы аԥхын аамҭа аламҭалазтәи аҽазыҟаҵарақәа ирҿуп, ицоит аиҭашьақәыргыларатә усурақәа. Иарбан усқәоу, насгьы аусурақәы рымҩаԥгаразы иадыԥхьалоу... 13.04.2023, Sputnik Аҧсны
2023-04-13T15:00+0300
2023-04-13T15:00+0300
2023-04-13T15:03+0300
арадио
аԥсны
аподкаст
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/04/0d/1045239681_0:0:1281:720_1920x0_80_0_0_9b7880ae0109ef25ad19718f27e995bc.jpg
Ԥандариа еиҭеиҳәеит, Афонтәи аҳаԥы аҿы ицо аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ртәы
Sputnik Аҧсны
Ԥандариа еиҭеиҳәеит, Афонтәи аҳаԥы аҿы ицо аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ртәы
Афонҿыцтәи аҳаԥаҿы аԥхын аамҭа аламҭалазтәи аҽазыҟаҵарақәа ирҿуп, ицоит аиҭашьақәыргыларатә усурақәа. Иарбан усқәоу, насгьы аусурақәы рымҩаԥгаразы иадыԥхьалоу, сынтәа ҿыцрақәас иазгәаҭоу, ҳаԥхьаҟа ргәы иҭоу, абрҭқәа ртәы арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит аҳаԥы аиҳабы актәи ихаҭыԥуаҩ Беслан Ԥандариа.Иара иажәақәа рыла, мышқәак рышьҭахь аҳаԥы ахыбра ду аҿы адәахьтәи аусурақәа ирылагарц ргәы иҭоуп. Ростовынтә иааит аргыларатә маҭәахәқәа зҭоу амашьынақәа, уажәы аҟазацәа ирзыԥшуп."Апроект ҷыдала иазырхиан абарҵа аиҭашьақәыргыларазы. Иԥшӡахоит ҳәа сгәы иаанагоит. Сынтәатәи аусурақәа иааидкыланы ирзоужьуп 92 миллион мааҭ", - ҳәа иҳәеит Ԥандариа.Уи анаҩс Беслан Ԥандариа иҳәеит, аихамҩа аиҭашьақәыргыларазы апреокт аус адулара ишаҿу."Уажәы иҟоу амҿтәы ашпалқәа роуп. Акыр иааит дара. Иԥсахтәуп. Аиха-абетон иалхны аҟаҵара ҳгәы иҭоуп. Уи ахатәы ҷыдарақәа амоуп. Уигьы Урыстәылантә аҟазацәа адԥхьаланы ашықәс ҿыц ашьҭахь аусурақәа рымҩаԥгара ҳгәы иҭоуп. Ашпалқәа рхаҭақәа ари ашықәс азы иаахәахоит", - ҳәа еиҭеиҳәеит Ԥандариа.Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2023
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/04/0d/1045239681_99:0:1059:720_1920x0_80_0_0_38ff6360634e2267c6b31476cb902ad0.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, аподкаст, аудио
Афонҿыцтәи аҳаԥаҿы аԥхын аамҭа аламҭалазтәи аҽазыҟаҵарақәа ирҿуп, ицоит аиҭашьақәыргыларатә усурақәа. Иарбан усқәоу, насгьы аусурақәы рымҩаԥгаразы иадыԥхьалоу, сынтәа ҿыцрақәас иазгәаҭоу, ҳаԥхьаҟа ргәы иҭоу, абрҭқәа ртәы арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит аҳаԥы аиҳабы актәи ихаҭыԥуаҩ Беслан Ԥандариа.
Иара иажәақәа рыла, мышқәак рышьҭахь аҳаԥы ахыбра ду аҿы адәахьтәи аусурақәа ирылагарц ргәы иҭоуп. Ростовынтә иааит аргыларатә маҭәахәқәа зҭоу амашьынақәа, уажәы аҟазацәа ирзыԥшуп.
"Апроект ҷыдала иазырхиан абарҵа аиҭашьақәыргыларазы. Иԥшӡахоит ҳәа сгәы иаанагоит. Сынтәатәи аусурақәа иааидкыланы ирзоужьуп 92 миллион мааҭ", - ҳәа иҳәеит Ԥандариа.
Уи анаҩс Беслан Ԥандариа иҳәеит, аихамҩа аиҭашьақәыргыларазы апреокт аус адулара ишаҿу.
"Уажәы иҟоу амҿтәы ашпалқәа роуп. Акыр иааит дара. Иԥсахтәуп. Аиха-абетон иалхны аҟаҵара ҳгәы иҭоуп. Уи ахатәы ҷыдарақәа амоуп. Уигьы Урыстәылантә аҟазацәа адԥхьаланы ашықәс ҿыц ашьҭахь аусурақәа рымҩаԥгара ҳгәы иҭоуп. Ашпалқәа рхаҭақәа ари ашықәс азы иаахәахоит", - ҳәа еиҭеиҳәеит Ԥандариа.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.