Аԥсны

Аԥсны Апрокуратура хада аусуҩцәа ҩыџьа рмаҵураҟынтәи рхы иақәиҭыртәит

Апрокуратура хада аусзуҩцәа рмаҵура иамхуп аттестациа иахьзахымсыз иахҟьаны.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 13 - Sputnik. Аԥсны Апрокуратура хада аусуҩцәа ҩыџьа рмаҵураҟынтәи рхы иақәиҭыртәит рмаҵуратә напынҵақәа иахьрыҵанамкуаз азы ҳәа аанацҳауеит ареспублика Апрокуратура хада апресс-маҵзура.
Аӡбра рыдыркылеит Аԥсны азакәанԥҵара адырреи аамҭак иалагӡаны имҩаԥгаз аусурақәеи ирзырхаз аттестациа амҩаԥгарала иҟаҵаз алкаақәа рыла.
Аттестациа мҩаԥыргоит апрокуратура аусзуҩ имаҵуратә напынҵақәа ахьынӡеидыруа, изанааҭтә ҟазара аҩаӡара аилкаара хықәыс иҟаҵаны, иаԥнаҵоит акадртә резерв, аусуҩцәа акласстә чынқәа рыҭара азҵаарақәа аӡбоит.