Аԥсны

Китаи атәылауаҩ Лыхнашҭатәи аҭәаҵла ахәшәтәраз ицхыраара рыдигалеит

Москва иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәарҭа аусзуҩцәа Китаи ақыҭанхамҩа аҭҵаарадырратә институт рыҽрымардеит, хара имгакәан ахәшә роуеит.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 13 - Sputnik. Аԥсны акыраамҭа инхо Китаи атәылауаҩ, ааха зоуз Лыхнашҭатәи аҭәаҵла ахәшәтәраз ицхыраара рыдигалеит. Абри атәы Sputnik акорреспондент изеиҭеиҳәеит Акарантин азы аҳәынҭқарратә хылаԥшырҭа аиҳабы Аркади Џьынџьиа.

"Ауаҩы иара ихатәгәаԥхарала ицхыраара хәыда-ԥсада иҳадигалеит, дҳацхраарц иӡбеит. Сгәы иаанагоит, лшарас иҟоу зегь ҟаҵатәуп ари азҵаара аӡбаразы", - ҳәа иҳәеит иара.

Џьынџьиа иажәақәа рыла, Китаи атәылауаҩ аужьҭра-гәаҭарҭатә ҭыԥ "Егры" аҟны ахылаԥшырҭа аусзуҩцәа аӡәы иеиҳәеит, Пекин иҟоу Китаитәи ақыҭанхамҩа аҭҵаарадырратә институт аҟны аекспертцәа шыҟоу аԥснытәи рколлегацәа ацхыраара рыҭараз, аҵла ахәшәтәраз ахәшә шаарышьҭуа рџьынџьуаҩ иҟаиҵаз аҳәарала.
Москва иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәарҭа аусзуҩцәа уи аинститут аусзуҩцәа рыҽрымардахьеит, ахәшә иаарласны Аԥсны иҟалоит.
Аԥсны
Лыхнашҭа аҭәаҵла ԥызҟаз ҳәа агәҩара ззыҟоу ҩыџьа аанкылоуп
Лыхнашҭа иқәгылаз аҭәаҵла ааха аҭан ахаша мшаԥы 5 рзы. Аҭәаҵла 15 - 20 сантиметра иагәылакны иԥҟоуп. Аҭыԥантәи ауааԥсыра аихатәы хыцқәа рыла аҵла камҳаратә еиԥыршьит, аекологцәеи абаҳчааӡаҩцәеи аԥҟарсҭа ӷьарцаз аҭәаҵла ацәеи абаҳчатә цәеи еилаҵаны аҵлеиларш бжьыршьит.
Аҵарауаа ишышьақәдыргылаз ала, Лыхнытәи аҭәаҵла 147 шықәса ахыҵуеит. Аҵла 19 метра иҳаракуп, агәҭаӡа - 2 метрак, иаахыкәаршан – 6,3 метра иҟоуп.