Аԥсны

Гагра 80 инареиҳаны изакәаншьаҭадоу аргыларақәа аанкылоуп

Ақалақь аҿы еилаԥсарыла, ишабалак аргыларақәа мҩаԥымсларц азы иҟоуп ихымԥадатәиу аплан хада. Уи аус аднаулоит архитектура аҟәша.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 14 - Sputnik. Гагра изакәаншьаҭадоу аргыларақәа 89 аанкылоуп ҳәа еиҭалҳәеит Гагра араион ахадара архитектор хада Диана Лобода араионтә еизара аилатәараҟны. Абри атәы аанацҳауеит араионтә еизара асоциалтә ҳақәа рҿтәи адаҟьа.
Лобода илҳәеит, араион ААР ахь ишынашьҭу 71 ус. Уи адагьы архитектура аҟәша ахыбрақәа рыргыларазы 30 зыҳәа мап рыцәнакхьеит.
Лобода лажәақәа рыла, ирацәаҩуп аргыларақәа рзин змоу, аха урҭ рҟынтә иҟоуп анормақәеи аԥҟарақәеи ирықәымшәо. Уи иахҟьаны урҭ рыргыларазы азин роуам. Ақалақь аҿы еиԥхьытта аргыларақәа мҩаԥымсларц азы ихымԥадатәины иҟоуп аплан хада.
"Актәи ахәҭа азҳархиеит, изакәаным аргыларақәа рыуадаҩрақәа азгәаҳҭеит. Иахьазы закәаншьаҭада аргыларақәа рызҵаарақәа аанкыланы иҟоуп", - ҳәа лҳәеит лара.
Лобода иазгәалҭеит, архитектура аҟәшаҿы ишаԥҵахо ақалақьргыларатә хеилак. Иара иалалоит ауаажәларра, араионтә депутатцәа, аекспертцәа рхаҭарнакцәа.