Аԥсны

Раџьаб Анқәаб дызшьыз ҳәа гәҩарас ирымаз даанкылоуп

Ауаҩшьра ҟазҵаз ҳәа гәҩарас дрымоуп Гәдоуҭа араион Џьырхәа ақыҭа анхаҩы.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 14 – Sputnik. Аԥсны апрокуратура хада аусзуҩцәа дааныркылеит Раџьаб Анқәаб дишьит ҳәа гәҩарас ирымаз. Абри атәы аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.
Даанкылоуп Џьырхәа ақыҭа инхо Саҭбеи Кәакәасқьыр. Аҟәатәи ақалақьтә усӡбарҭахь азыҳәа нашьҭуп иара иаанкыларазы.
Ауаҩшьра ҟалеит Гагра араион, Баӷрыԥсҭа, мшаԥы 5 асааҭ 21:00 рзеиԥш. 36 шықәса зхыҵуаз, Гагра инхоз, Гәдоуҭа ииз Раџьаб Анқәаб ихы иеихсит иҩны дандәылҵуаз. Анқәаб иаразнак иԥсҭазаара далҵит.