Аԥсны

Тамшь ақәылара иуит ҳәа агәҩара зызрымоу ихьӡ рҳәеит

2022 шықәса мшаԥымзазы Тамшь ақыҭан Ҭенгьиз Рацба иҩны иҩналеит идырым шьоукы, акриптоԥара амаининг азы амаругақәа рӡарц.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 14 - Sputnik. Емир Кьыркьнаӡе иганахьала ашьаус Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭахь ахәаԥшразы инашьҭуп ҳәа аанацҳауеит Аԥсны апрокуратура хада асаит.
Кьыркьнаӡе гәҩарас дрымоуп гәҭакрыла ауаҩшьра ҟаиҵеит ҳәа, ари аумҭа ақәылареи иҭҟьо ахымцабџьар аикәыршареи намаданы.
Ашьаус иалахәу даҽаӡәы Саша Лакашьиа гәҩарас дрымоуп ацәгьоура хьанҭа шыҟалаз иҵәахит ҳәа, уи азы ажәа аӡәгьы ишиимҭахьазгьы.
Аус аматериалқәа рыла, Емир Кьыркьнаӡеи Вальтер Шаматааи ирдыруан Тамшь ақыҭан Ҭенгьиз Рацба иҩны ишыҩнагылаз акриптоԥара амаининг азы амаругақәа, дара еицәажәеит урҭ рӡарц. Убас, 2022 шықәса мшаԥы 28 рзы гәҩарас ирымоу арҭ аҩыџьагьы Калашников иавтомат 7,62 миллиметри 5,45 миллиметри иҟоу ахқәа рыла еибыҭаны Рацба иҩны иҩналеит.
Дара амаругақәа анаҿырхыз аамҭазы, аҩны аԥшәма иақәикит. Ацәгьоуцәа иара автоматшьхәала исуа иалагеит. Ҭенгьиз Рацба иашьа гәакьа Тамази иашьа дихәарц, ацәгьоуцәа дрыжәлеит, аха Емир Кьыркьнаӡе дишьит. Иара убас, ари аиҿагылараан Вальтер Шаматаа дызхыԥсааз ахәра иоуит.
Ацәгьоура аныҟаиҵа ашьҭахь, Кьыркьнаӡе Саша Лакашьиа диҳәеит имашьына Кәтол иахьыҟаз аҭыԥ ахь дигарц. Лакашьиа, иҟалаз шыҟалаз шидыруазгьы, ииҳәаз наигӡеит.
Аԥсны
Тамшь ақыҭан ҩыџьа ауаа ҭахеит амаининг хархәагақәа рӷьычразы аҽазышәараан