Аԥсны

2023 шықәсазы ибаџьдатәу адәқьанқәа рҟынтә ашәахтәқәа реиҳарак Гагра араион иаҭахоит

Уаанӡа аурыс-аԥсуа ҳәааҿы игылоу ибаџьдатәу адәқьанқәа рҟынтәи ашәахтәқәа Аҟәа араион абиуџьет ахь инеиуан.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 15 - Sputnik. 2023 шықәсазы аурыс-аԥсуа ҳәааҿы игылоу ибаџьдатәу адәқьанқәа рҟынтә ашәахтәқәа реиҳарак Гагра араион иаҭахоит. Абри атәы арадио Sputnik аефир аҿы иҳәеит Аҟәа араион ахада Алхас Ҷыҭынаа.
Уаанӡа арҭ адәқьанқәа рҟынтәи ашәахтәқәа Аҟәа араион абиуџьет ахь инеиуан.
"Аиҿкаарақәа ҩба - Апсны-диутии Флагман-диутии иршәоз ашәахтәқәа реиҳарак Аҟәа араион абиуџьет иҭалон. Сынтәа урҭ Гагра араион абиуџьет ахашәалахь иахыԥхьаӡалоуп. Зыӡбахә ҳамоу ахашәалазы ашәахтәи аулафахәаҟынтә ашәахтәи роуп. Амазараз ашәахтәи ашьаҭаркратә хашәала аҟынтә ашәахтәи Аҟәа араион абиуџьет ишаиуц иаиуеит", - иҳәеит Ҷыҭанаа.
Ҷыҭанаа иажәақәа рыла, Аҟәа араион абиуџьет иацәыӡуеит-заанаҵтәи аԥхьаӡарала, 68 млн. мааҭ.
Аха ареспубликатә биуџьет аҟынтәи дотациак аҳасаб ала араион абиуџьет иахыԥхьаӡалахоит 98 млн. мааҭ. Иара убасгьы аулафахәқәа рышьҭыхразы Аҟәа араион абиуџьет субсидиа ҳасабла иазынашьҭхоит 35 млн. мааҭ.
2023 шықәсазы Аҟәа араион ахатә хашәалақәа 104 млн. 985,6 нызқьмааҭ иҟалап ҳәа агәыӷра ыҟоуп.