https://sputnik-abkhazia.info/20230415/2023-shysazy-ibadatu-adana-rynt-ashakhta-reiarak-gagra-araion-iaakhoit-1045285008.html
2023 шықәсазы ибаџьдатәу адәқьанқәа рҟынтә ашәахтәқәа реиҳарак Гагра араион иаҭахоит
2023 шықәсазы ибаџьдатәу адәқьанқәа рҟынтә ашәахтәқәа реиҳарак Гагра араион иаҭахоит
Sputnik Аҧсны
Уаанӡа аурыс-аԥсуа ҳәааҿы игылоу ибаџьдатәу адәқьанқәа рҟынтәи ашәахтәқәа Аҟәа араион абиуџьет ахь инеиуан. 15.04.2023, Sputnik Аҧсны
2023-04-15T11:00+0300
2023-04-15T11:00+0300
2023-04-15T11:00+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аекономика
гагра араион
аҟәа араион
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/09/11/1033226867_0:73:1620:984_1920x0_80_0_0_3a24a40f6be67d9a6de6a7931561381e.jpg
АҞӘА, мшаԥы 15 - Sputnik. 2023 шықәсазы аурыс-аԥсуа ҳәааҿы игылоу ибаџьдатәу адәқьанқәа рҟынтә ашәахтәқәа реиҳарак Гагра араион иаҭахоит. Абри атәы арадио Sputnik аефир аҿы иҳәеит Аҟәа араион ахада Алхас Ҷыҭынаа. Уаанӡа арҭ адәқьанқәа рҟынтәи ашәахтәқәа Аҟәа араион абиуџьет ахь инеиуан. Ҷыҭанаа иажәақәа рыла, Аҟәа араион абиуџьет иацәыӡуеит-заанаҵтәи аԥхьаӡарала, 68 млн. мааҭ.Аха ареспубликатә биуџьет аҟынтәи дотациак аҳасаб ала араион абиуџьет иахыԥхьаӡалахоит 98 млн. мааҭ. Иара убасгьы аулафахәқәа рышьҭыхразы Аҟәа араион абиуџьет субсидиа ҳасабла иазынашьҭхоит 35 млн. мааҭ. 2023 шықәсазы Аҟәа араион ахатә хашәалақәа 104 млн. 985,6 нызқьмааҭ иҟалап ҳәа агәыӷра ыҟоуп.
гагра араион
аҟәа араион
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2023
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/09/11/1033226867_180:0:1620:1080_1920x0_80_0_0_b90f3cf33ea7c5534b21e9f79622f9f5.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аекономика, гагра араион, аҟәа араион
ажәабжьқәа, аекономика, гагра араион, аҟәа араион
2023 шықәсазы ибаџьдатәу адәқьанқәа рҟынтә ашәахтәқәа реиҳарак Гагра араион иаҭахоит
Уаанӡа аурыс-аԥсуа ҳәааҿы игылоу ибаџьдатәу адәқьанқәа рҟынтәи ашәахтәқәа Аҟәа араион абиуџьет ахь инеиуан.
АҞӘА, мшаԥы 15 - Sputnik. 2023 шықәсазы аурыс-аԥсуа ҳәааҿы игылоу ибаџьдатәу адәқьанқәа рҟынтә ашәахтәқәа реиҳарак Гагра араион иаҭахоит. Абри атәы арадио Sputnik аефир аҿы иҳәеит Аҟәа араион ахада Алхас Ҷыҭынаа.
Уаанӡа арҭ адәқьанқәа рҟынтәи ашәахтәқәа Аҟәа араион абиуџьет ахь инеиуан.
"Аиҿкаарақәа ҩба - Апсны-диутии Флагман-диутии иршәоз ашәахтәқәа реиҳарак Аҟәа араион абиуџьет иҭалон. Сынтәа урҭ Гагра араион абиуџьет ахашәалахь иахыԥхьаӡалоуп. Зыӡбахә ҳамоу ахашәалазы ашәахтәи аулафахәаҟынтә ашәахтәи роуп. Амазараз ашәахтәи ашьаҭаркратә хашәала аҟынтә ашәахтәи Аҟәа араион абиуџьет ишаиуц иаиуеит", - иҳәеит Ҷыҭанаа.
Ҷыҭанаа иажәақәа рыла, Аҟәа араион абиуџьет иацәыӡуеит-заанаҵтәи аԥхьаӡарала, 68 млн. мааҭ.
Аха ареспубликатә биуџьет аҟынтәи дотациак аҳасаб ала араион абиуџьет иахыԥхьаӡалахоит 98 млн. мааҭ. Иара убасгьы аулафахәқәа рышьҭыхразы Аҟәа араион абиуџьет субсидиа ҳасабла иазынашьҭхоит 35 млн. мааҭ.
2023 шықәсазы Аҟәа араион ахатә хашәалақәа 104 млн. 985,6 нызқьмааҭ иҟалап ҳәа агәыӷра ыҟоуп.