АҞӘА, мшаԥы 17 - Sputnik. Шьамтәыла иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмч нагӡеи анапынҵа ҷыдақәеи змоу ацҳаражәҳәаҩ Баграт Хәытаба атәыла анапхгареи ажәлари ирыдиныҳәалеит Шьамтәыла ареспублика аҟынтәи афранцыз ар аналҵыз аахыс 77 шықәса аҵра. Абри атәы Sputnik иазааицҳаит ацҳаражәҳәаҩ ихаҭа.
Хәыҭаба шьамтәылатәи ажәлар ирзеиӷьеишьеит аҭынч ԥсҭазаареи аинҭәылареи, Шьамтәыла анапхгара - аҳәынҭқарра ашьақәыргылараҿ аманшәалареи ақәҿиарақәеи.
Аԥсни Шьамтәылеи наҟ-ааҟтәи рхьыԥшымрақәа азхарҵеит, 2018 шықәса лаҵара 25 рзы адипломатиатә еизыҟазаашьақәа шьақәдыргылеит.
2020 шықәса ԥхынгәымза 30 рзы, Башар Асад Шьамтәыла иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәаҩ агәраргагатә шәҟәқәа ииҭеит. Жьҭаарамза 2020 шықәсазы Дамаск имҩаԥысит Аԥсны ацҳаражәҳәараҭа аартра.