Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Баграт Хәытаба Шьамтәыла жәлар ирыдиныҳәалеит рхьыԥшымра 77 шықәса ахыҵра

© AP Photo / Hassan AmmarСирия, Дамаск
Сирия, Дамаск - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.04.2023
Анапаҵаҩра
Шьамтәылатәи Арабтә Республика азы даара акыр зҵазкуа мшуп мшаԥы 17. Ари амш аҽны 1946 шықәсазы аҵыхәтәантәи афранцыз солдаҭ Шьамтәыла даналҵ, аофициалла атәыла ахьыԥшымра рыланаҳәеит.
АҞӘА, мшаԥы 17 - Sputnik. Шьамтәыла иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмч нагӡеи анапынҵа ҷыдақәеи змоу ацҳаражәҳәаҩ Баграт Хәытаба атәыла анапхгареи ажәлари ирыдиныҳәалеит Шьамтәыла ареспублика аҟынтәи афранцыз ар аналҵыз аахыс 77 шықәса аҵра. Абри атәы Sputnik иазааицҳаит ацҳаражәҳәаҩ ихаҭа.

Хәыҭаба шьамтәылатәи ажәлар ирзеиӷьеишьеит аҭынч ԥсҭазаареи аинҭәылареи, Шьамтәыла анапхгара - аҳәынҭқарра ашьақәыргылараҿ аманшәалареи ақәҿиарақәеи.

Аԥсни Шьамтәылеи наҟ-ааҟтәи рхьыԥшымрақәа азхарҵеит, 2018 шықәса лаҵара 25 рзы адипломатиатә еизыҟазаашьақәа шьақәдыргылеит.
2020 шықәса ԥхынгәымза 30 рзы, Башар Асад Шьамтәыла иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәаҩ агәраргагатә шәҟәқәа ииҭеит. Жьҭаарамза 2020 шықәсазы Дамаск имҩаԥысит Аԥсны ацҳаражәҳәараҭа аартра.
Баграт Хутаба - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.03.2023
Аԥсны
Баграт Хәытаба Мрагылара Ааигәаҿы Аԥсны ахада ихаҭарнак ҷыдас дҟалоит
Ажәабжьқәа зегьы
0