АҞӘА, мшаԥы 17 - Sputnik. Никарагуа иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмч нагӡеи анапынҵа ҷыдақәеи змоу ацҳаражәҳәаҩ Инар Ладариа Ареспублика Никарагуа иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Александр Хохоликов диԥылеит. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Амедиацентр.
Адипломатцәа илашоу Амшаԥныҳәа еидырныҳәалеит, иалацәажәеит хра злоу жәларбжьаратәи аусхәаԥштә зҵаарақәа.
Иара убасгьы, Латынтәи Америка адипломатиатә усеицуразы азҵаара иазааҭгылеит Ладариеи Хохоликови.
Инар Ладариа Никарагуа Ареспубликаҟны Аԥсны Аҳәынҭқарра Аҷыдалкаатәи Азинмчы змоу Ацҳаражәҳәаҩыс дҟаҵан Аԥсны ахада иусԥҟала абҵара 17, 2021 шықәсазы.