Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Инар Ладариа диԥылеит Никарагуа иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ

© Foto / Медиацентр МИД АбхазииЧрезвычайный и Полномочный Посол Республики Абхазии в Республике Никарагуа Инар Ладария встретился с Чрезвычайным и Полномочным Послом Российской Федерации в Республике Никарагуа Александром Хохоликовым.
Чрезвычайный и Полномочный Посол Республики Абхазии в Республике Никарагуа Инар Ладария встретился с Чрезвычайным и Полномочным Послом  Российской Федерации в Республике Никарагуа Александром Хохоликовым. - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.04.2023
Анапаҵаҩра
Никарагуа Аԥсны ахьыԥшымра азханаҵеит Урыстәыла инашьҭархх 2008 шықәса цәыббра 4 рзы. Шықәсык ашьҭахь аҩ-тәылак рыбжьара адипломатиатә еизыҟазаашьақәа шьақәыргылан.
АҞӘА, мшаԥы 17 - Sputnik. Никарагуа иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмч нагӡеи анапынҵа ҷыдақәеи змоу ацҳаражәҳәаҩ Инар Ладариа Ареспублика Никарагуа иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Александр Хохоликов диԥылеит. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Амедиацентр.
Адипломатцәа илашоу Амшаԥныҳәа еидырныҳәалеит, иалацәажәеит хра злоу жәларбжьаратәи аусхәаԥштә зҵаарақәа.
Иара убасгьы, Латынтәи Америка адипломатиатә усеицуразы азҵаара иазааҭгылеит Ладариеи Хохоликови.
Инар Ладариа Никарагуа Ареспубликаҟны Аԥсны Аҳәынҭқарра Аҷыдалкаатәи Азинмчы змоу Ацҳаражәҳәаҩыс дҟаҵан Аԥсны ахада иусԥҟала абҵара 17, 2021 шықәсазы.
Ажәабжьқәа зегьы
0