АҞӘА, мшаԥы 17 - Sputnik. Акыраамҭатәи ихьуаз ичымазара иахҟьаны, москватәи ахәшәтәырҭақәа руак аҟны иԥсҭазаара далҵит Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеран, Жәлар Реизара аԥшьбатәи ааԥхьара адепутат Сенер Гогәуа. Абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит ауаажәларратә усзуҩы Октаи Чкотуа.
Иара иазгәеиҭеит, иахьатәи аԥсуа ҭоурых аҟны, зегь раасҭа ианыуадаҩыз аамҭаз Сенер Гогәуа абџьар шьҭыхны Аԥсны ахақәиҭреи ахьыԥшымреи дшазықәԥаз. Аџьынџьтәылатә еибашьра ашьҭахь ҳтәыла аекономика ашьҭыхраҿ илшоз зегь шыҟаиҵаз, иара ишымҩаԥигоз агәыҳалалратә цхыраарақәа, амеценатра.
Сенер Гогәуа диит нанҳәа 19 1971 шықәсазы Ҭырқәтәыла аԥсуа мҳаџьырқәа рҭаацәараҿы. 1990 шықәсазы дҭалеит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет афилологиатә факультет аԥсуа бызшәеи алитературеи азанааҭ ала.
1992-1993 шықәсқәа рзын Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра далахәын, ианашьоуп "Агәымшәараз" амедали "Ахьӡ-Аԥша" аорден ахԥатәи аҩаӡареи.
Еиуеиԥшым ашықәсқәа рзы Сенер Гогәуа аус иуан Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсны Ахәҳаахәҭра-аагалыхратә палата азин мчы змоу ахаҭарнакс, ААП ахада ихаҭыԥуаҩс.
2007 шықәсазы Аԥсны Жәлар реизара депутатс далхын. 2016 шықәсазы далырхоит Жәларбжьаратәи Афонд "Аԥсны" ахадас.