https://sputnik-abkhazia.info/20230417/isazaara-dalit-soner-gogua-1045316503.html
Иԥсҭазаара далҵит Сенер Гогәуа
Иԥсҭазаара далҵит Сенер Гогәуа
Sputnik Аҧсны
Сенер Гогәуа - Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеран, аполитик, ауаажәларратә усзуҩы. 17.04.2023, Sputnik Аҧсны
2023-04-17T18:19+0300
2023-04-17T18:19+0300
2023-04-18T08:48+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/101358/61/1013586113_0:0:1001:563_1920x0_80_0_0_7eed24915975fd67fb5bbfaeff5b1a51.jpg
АҞӘА, мшаԥы 17 - Sputnik. Акыраамҭатәи ихьуаз ичымазара иахҟьаны, москватәи ахәшәтәырҭақәа руак аҟны иԥсҭазаара далҵит Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеран, Жәлар Реизара аԥшьбатәи ааԥхьара адепутат Сенер Гогәуа. Абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит ауаажәларратә усзуҩы Октаи Чкотуа.Иара иазгәеиҭеит, иахьатәи аԥсуа ҭоурых аҟны, зегь раасҭа ианыуадаҩыз аамҭаз Сенер Гогәуа абџьар шьҭыхны Аԥсны ахақәиҭреи ахьыԥшымреи дшазықәԥаз. Аџьынџьтәылатә еибашьра ашьҭахь ҳтәыла аекономика ашьҭыхраҿ илшоз зегь шыҟаиҵаз, иара ишымҩаԥигоз агәыҳалалратә цхыраарақәа, амеценатра.Сенер Гогәуа диит нанҳәа 19 1971 шықәсазы Ҭырқәтәыла аԥсуа мҳаџьырқәа рҭаацәараҿы. 1990 шықәсазы дҭалеит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет афилологиатә факультет аԥсуа бызшәеи алитературеи азанааҭ ала.1992-1993 шықәсқәа рзын Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра далахәын, ианашьоуп "Агәымшәараз" амедали "Ахьӡ-Аԥша" аорден ахԥатәи аҩаӡареи.Еиуеиԥшым ашықәсқәа рзы Сенер Гогәуа аус иуан Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсны Ахәҳаахәҭра-аагалыхратә палата азин мчы змоу ахаҭарнакс, ААП ахада ихаҭыԥуаҩс.2007 шықәсазы Аԥсны Жәлар реизара депутатс далхын. 2016 шықәсазы далырхоит Жәларбжьаратәи Афонд "Аԥсны" ахадас.
https://sputnik-abkhazia.info/20160819/1019361604.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2023
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/101358/61/1013586113_0:0:889:667_1920x0_80_0_0_255ad97d5280d2b88744a6b219a62b83.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа
Иԥсҭазаара далҵит Сенер Гогәуа
18:19 17.04.2023 (ирҿыцуп: 08:48 18.04.2023) Сенер Гогәуа - Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеран, аполитик, ауаажәларратә усзуҩы.
АҞӘА, мшаԥы 17 - Sputnik. Акыраамҭатәи ихьуаз ичымазара иахҟьаны, москватәи ахәшәтәырҭақәа руак аҟны иԥсҭазаара далҵит Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеран, Жәлар Реизара аԥшьбатәи ааԥхьара адепутат Сенер Гогәуа. Абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит ауаажәларратә усзуҩы Октаи Чкотуа.
Иара иазгәеиҭеит, иахьатәи аԥсуа ҭоурых аҟны, зегь раасҭа ианыуадаҩыз аамҭаз Сенер Гогәуа абџьар шьҭыхны Аԥсны ахақәиҭреи ахьыԥшымреи дшазықәԥаз. Аџьынџьтәылатә еибашьра ашьҭахь ҳтәыла аекономика ашьҭыхраҿ илшоз зегь шыҟаиҵаз, иара ишымҩаԥигоз агәыҳалалратә цхыраарақәа, амеценатра.
Сенер Гогәуа диит нанҳәа 19 1971 шықәсазы Ҭырқәтәыла аԥсуа мҳаџьырқәа рҭаацәараҿы. 1990 шықәсазы дҭалеит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет афилологиатә факультет аԥсуа бызшәеи алитературеи азанааҭ ала.
1992-1993 шықәсқәа рзын Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра далахәын, ианашьоуп "Агәымшәараз" амедали "Ахьӡ-Аԥша" аорден ахԥатәи аҩаӡареи.
Еиуеиԥшым ашықәсқәа рзы Сенер Гогәуа аус иуан Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсны Ахәҳаахәҭра-аагалыхратә палата азин мчы змоу ахаҭарнакс, ААП ахада ихаҭыԥуаҩс.
2007 шықәсазы Аԥсны Жәлар реизара депутатс далхын. 2016 шықәсазы далырхоит Жәларбжьаратәи Афонд "Аԥсны" ахадас.