Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәылатәи ажәыларатә гәыԥқәа Артемовск даҽа ҩ-кварталк ахы иақәиҭыртәит

Ажәыларатә гәыԥқәа ацхыраара рырҭон аҳауа-дисанттә архәҭеи, "Аладатәи" архәҭақәа ргәыԥ иатәу арра аоператив-тактикатә авиациеи артиллериеи.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 17 - Sputnik. Уахыки-ҽнаки рыла урыстәылатәи ар Артемовск агәҭантәи ахәҭеи аҩада-мраҭашәареи рнапахьы иааргеит ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра.
"Авиациала 22 ҳаирплан ыҵԥрааит. "Аладатәи" архәҭақәа ргәыԥ иатәу артиллериа аҽаԥхьа иқәгылаз ахыдҵақәа 54 нанагӡеит", - ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.
Уахыки-ҽнаки рыла аӷа Донецктәи ахырхарҭала ицәыӡит 270-ҩык инареиҳаны аруааи қьырала еибашьуази, танкк, ашьаҟауаа реибашьыгатә машьынак, аибашьыга акәылӡмашьынақәа быжьба, автомашьынақәа хәба.
Купиантәи ахырхарҭала уахыки-ҽнаки рыла иҭархоуп 35-ҩык украинатәи аибашьцәа, ахаланыҟәагатә шьақәгыла "Акация", арадиолокациатә станциақәа П-18, 36Д6.
Красно-Лимансктәи ахырхарҭала уахыки-ҽнаки рыла аӷа ицәыӡит 70-ҩык инареиҳаны асолдаҭцәа, аибашьыгатә кәылӡмашьынак, ахаланыҟәатә артиллериатә шьақәгыла "Гвоздика".
Алада-Донецктәи Запорожтәи ахырхарҭақәа рҿы 60-ҩык рҟынӡа аруаа шьуп, иҭархоуп апикапқәа ҩба, агаубица "Мста-Б", аџьаԥҳанышьҭаҵарҭатә ҭыԥ, Херсонтәи ахырхарҭаҿы иҭархоуп - 55-ҩык инареиҳаны украинатәи аруаа, автомашьынақәа 3, артиллерииатә шьықәгыла М777, ахаланыҟәатә гаубицақәа "Акация", "Гвоздика".
Урыстәыла
Ажәыларатә отриадқәа "Вагнер" Артиомовск даҽа ҩ-кварталк ахы иақәиҭыртәит
Урыстәыла аоператив-тактикатәи арратә авиациеи, аракетатә ари артиллериеи уахыки-ҽнаки рыла ааха рырҭеит УАМ артиллериатә ҟәшақәа 95, иара убас аруааи аибашьыгатә техникеи 123 раион рыҟны.
Урыстәыла аҳауахьчаратә мчқәа уахыки-ҽнаки рыла аицҭырҟьаратә система HIMARS ахгәыцәқәа ҩба еиҵдырҟьеит, иҭадырхеит украинатәи аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа 4.