Урыстәыла

Ажәыларатә отриадқәа "Вагнер" Артиомовск даҽа ҩ-кварталк ахы иақәиҭыртәит

© Sputnik / Алексей Майшев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраРабота морской пехоты в зоне СВО
Работа морской пехоты в зоне СВО - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.04.2023
Анапаҵаҩра
Арратә операциа иалагазар УАМ рцәыӡқәа иреиуоуп: 407 ҳаирплан, 228 вертолиот, 3760 аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа, 415 зенит-ракетатә комплекс, 8659 танки акәылӡымашьынеи.
АҞӘА, мшаԥы 17 - Sputnik. Ажәыларатә отриадқәа "Вагнер" Артиомовск аҩада-мраҭашәаратәи алада-мрагыларатәи ахәҭаҿы даҽа ҩ-кварталк ахы иақәиҭыртәит ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра апресс-маҵзура.
"Донецктәи ахырхарҭаҿы аотриадқәа "Вагнер" ажәыларақәа рымҩаԥгараан Артиомовск аҩада-мраҭашәаратәи алада-мрагыларатәи ахәҭаҿы даҽа ҩ-кварталк ахы иақәиҭыртәит", - рҳәеит Атәылахьчара аминистрраҿы.
Аҳауа-десанттә арххәхҭақәа ракәзар, афланг ала аӷа дааныркылон.
Уи адагьы, "Аладатәи" архәҭақәа ргәыԥ иатәу аоператив-тактикатә авиациа, аракетатә архәҭақәа, артиллериа ааха рырҭеит украинатәи архәҭақәа 77-тәи аҳаирмобилтә бригада аиланхарҭа Молоилиновка иажәларц згәы иҭаз, иара убас амеханизациа зызуу 54-тәи абригада аиланхарҭа Саккои Ванцеттии ДЖәР аҿы.
Арратә операциа иалагазар УАМ рцәыӡқәа иреиуоуп: 407 ҳаирплан, 228 верталиот, 3760 аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа, 415 зенит-ракетатә комплекс, 8659 танки акәылӡымашьынеи, 1086 ареактивтә системақәа, 4600 артиллериатә шьақәгылеи аминаршәгақәеи, 9542ак автомобилтә техника.
Ажәабжьқәа зегьы
0