Шьҭа ҩымз ирықәуп ф-қыҭак - Аацы, Ҟәланырхәа, Лыхны, Дәрыԥшь Жәандәрыԥшь, Џьырхәа рҟынтә акомандақәа аҽырхәмаррақәа рҽазыҟарҵоижьҭеи ҳәа адырра ҟаиҵеит аиҿцәажәараҿы Бениа. Апрограммаҿы иҟалоит - ҽыла аҵәеигәыдҵара, ҽыла ампыласра, ԥсуаҵас аҽырхәмарра, аҳәаҟьара, анаҩс ф-ҽырҩрак азгәеиҭеит иара.
"Иааидкыланы ахәмаррақәа реиҿкааразы иарабоуп 900 нызықь мааҭ. Уи ада, ақыҭақәа зегьы рахьҽазыҟарҵо ирырҭоит 50 -50 нызықь мааҭ араион ахадара аҟнытә. Аҳәынҭқарра аҟнытәгьы 50-50 нызықь мааҭ роуеит ахәмаррақәа зҽалазырхәуа акомандақәа", - ҳәа иҳәеит Бениа.
Аҽтәы спорт азы афедерациа аӡбаҩ хада иажәақәа рыла, аҿар пату ақәырҵоит аҽтәы спорт, иааидкыланы 150- ҩык рҟынӡа уи иадҳәалоуп.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.