Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Бениа аҽтәы спорт азы: аҿар пату ақәырҵоит

Бениа аҽтәы аспорт азы: аҿар пату ақәырҵоит
Анапаҵаҩра
Аҽтәы спорт азы афедерациа аӡбаҩ хада Џьарназ Бениа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҟны игаз Аиааира 78 шықәса ахыҵра аҳаҭыраз Дәрыԥшь еиҿкаахо аҽырҩра атәы.
Шьҭа ҩымз ирықәуп ф-қыҭак - Аацы, Ҟәланырхәа, Лыхны, Дәрыԥшь Жәандәрыԥшь, Џьырхәа рҟынтә акомандақәа аҽырхәмаррақәа рҽазыҟарҵоижьҭеи ҳәа адырра ҟаиҵеит аиҿцәажәараҿы Бениа. Апрограммаҿы иҟалоит - ҽыла аҵәеигәыдҵара, ҽыла ампыласра, ԥсуаҵас аҽырхәмарра, аҳәаҟьара, анаҩс ф-ҽырҩрак азгәеиҭеит иара.
"Иааидкыланы ахәмаррақәа реиҿкааразы иарабоуп 900 нызықь мааҭ. Уи ада, ақыҭақәа зегьы рахьҽазыҟарҵо ирырҭоит 50 -50 нызықь мааҭ араион ахадара аҟнытә. Аҳәынҭқарра аҟнытәгьы 50-50 нызықь мааҭ роуеит ахәмаррақәа зҽалазырхәуа акомандақәа", - ҳәа иҳәеит Бениа.
Аҽтәы спорт азы афедерациа аӡбаҩ хада иажәақәа рыла, аҿар пату ақәырҵоит аҽтәы спорт, иааидкыланы 150- ҩык рҟынӡа уи иадҳәалоуп.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0