АҞӘА, мшаԥы 19 - Sputnik. ААР Очамчыра араион аҟны аҷкәын хбыџ дыӡит ҳәа адырра ҟанаҵоит.
2006 шықәсазы ииз Инал Делба мшаԥы 19, ашьыжь Гәыԥ ақыҭан иҩны ддәылҵит.
Аҷкәын акуртка еиқәаҵәеи акьаҿ шкәакәеи ишәын, ашәҟәыҭра еиқәаҵәа икын.
Делба Инал
© Foto / МВД РА
Азинхьчаратә усбарҭақәа русзуҩцәа аҳәара ҟарҵоит адырра змоу зегьы Очамчыратәи араионтә ҟәша иадҵааларц абри аҭел ала: +7 940 927-57-16; ма ААР аҷаԥшьаратә хәҭа +7 840 226-41-41.